Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Иусбарҭа

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иадминистрациа  Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада иусура алзыршо ҳәынҭқарратә усбарҭоуп.

Ахада Иадминистрациа ахықәкы хадақәа иреиуоуп:

- аҳәынҭқарра ахада изиннаӡақәа рымҩаҧгара алыршара;

- Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны Аҳәынҭқарра ахьыҧшымреи, ашәарҭадареи, адгьылҵакыратә акреи ралыршара иазку ауснагӡатәқәа рзы ажәалагалақәа разырхиара;

- Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада ауаҩи атәылауаҩи рзинқәеи рхақәиҭрақәеи рыла реиқәыршәара иадҳәалоу азҵаарақәа рыӡбараҿы ацхыраара иҭара;

- Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи адәныҟатәи аполитика ахырхарҭа хадақәа рҳәаақәҵараҿы ацхыраара иҭара;

- Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада инапаҵаҟа иҟоу акадрқәа рызҵаара аганахьала ацхыраа иҭара;

Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҧсны Аҳәынҭқарра Аконституциеи азакәанқәеи рыла идҵоу азиннаӡақәа рынагӡараҿы ацхыраара иҭара;

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org