Абҵарамза 21 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Шәача ақ. аҟны Урыстәылатәи Афедерациахь иусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин диҧылоит.
Аиҿцәажәарақәа раан Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини ҩ-ганктәи аусеицуреи аҧсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа рыҿиареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәоит.