13.11.2018
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ажурналист, акультураҭҵааҩы, Урыстәыла ажурналистцәа реидгылаҟны иҟоу АИХ рҿы Аетнопроблематика ацентр анапхгаҩы Сулиета Кусова-Чухо лыҧсҭазаара лалҵра инамаданы лыуацәеи лҭынхацәеи дрыдышшылеит.
Адышшылара атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Гәалсра дула исыдыскылеит Сулиет Кусово-Чухо иаалырҟьаны лыҧсҭазаара лалҵразы Даҕьысҭанынтәи иааз ажәабжь.
Сулиета Аслан-иҧҳа аҟыбаҩ ҷыда лыман – ауаа реидкылара лылшон, рымч-рылша ахырхарҭа иашаны аҭашьа лдыруан. Сулиета Аслан-иҧха илылаз аиҿкааратә баҩхатәра бзианы аарҧшышьа дақәшәеит акинои ателехәаҧшреи рзы Аҩада-Кавказатәи иаарту афестиваль иазкыз апроект анагӡараан. Аҧсны ари акультура аныҳәа хҭыс дуны имҩаҧысит.
Сулиета Аслан-иҧҳа еицырдыруа журналистын, публицистын, культураҭҵааҩын. Лара ҧсахрада акыр шықәса раахыс адокументтәи ателехәаҧшреи ирызку Аҩада-Кавказтәи иаарту афестиваль апрезидентс, Урыстәыла ажурналистцәа реидгылаҟны иҟоу АИХ рҿы Аетнопроблематика ацентр анапхгаҩыс дыҟан. Кавказ, аҧсуа-адыгеиатә дунеи аҟны Сулиета Аслан-иҧҳа зегьы деицырдыруан, ҳаҭыр ду лықәын. Уи лидеиақәеи лыгәҭакқәеи адгылара рыҭо лааигәа еизылгон иреиҕьу арҿиаратә усзуҩцәа.
Сулиета Аслан-иҧҳа иаамҭаӡамкәа лыҧсҭазаара лалҵра – аиашьаратә жәларқәа рзы, Урыстәылеи Кавкази иахьатәи ркультуразы харҭәаашьа змам цәыӡуп.
Гәалсра дула срыдышшылоит Сулиета Аслан-иҧҳа лыуацәеи лҭынхацәеи».