12.11.2018
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит аҳаҭыртә хьыӡқәа рыхҵаразы Аусҧҟа.
Аусҧҟаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Арҵаҩратәи аҭҵаарадырратәи усураҟны алшамҭақәа рзы, зыквалификациа ҳараку аспециалистцәа разыҟаҵараҟны алагаламҭа ду азы иланашьазааит Ашәба Нели Кәыҷыр-иҧҳа «Аҧсны Аҳәынҭқарра иреиҳаӡоу ашкол зҽаҧсазтәыз аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы.
«Афымцамчтә усхк аҟны шықәсырацәала лыҵшәазмоу аусуразы, апрофессионализм ҳаракы азы иланашьазааит Ашәба Светлана Шьуқри-иҧҳа «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз афымцамчусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы;
«Шықәсырацәалатәи аусуразы, аргылара аусхк аҟны, аргыларатә индустриаҟны алшамҭақәа рзы «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аргылаҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьазааит Аршба Анатоли Николаи-иҧа».