07.11.2018
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит «Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵаразы Аусԥҟа.
Аусԥҟа атекст аҿы, ҷыдала, иҳәоуп:
«Амилаҭтә литература аҿиара аус аҟны илагаламҭазы «Аԥсны Аҳәынҭқарра зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит Касланӡиа Валери Платон-иԥа».