Ахада инапы аҵаиҩит «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аҳақьым» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵаразы Аусҧҟа

Жьҭаарамза 31 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аҳақьым» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ахҵаразы Аусҧҟа.

Аусҧҟа аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Агәабзиарахьчара аусхк аҟны алшамҭақәа рзы, азанааҭдырра ҳаракы азы, шықәсырацәала ламысцқьала аусуразы «Аҧсны Аҳәынҭқарра зҽаҧсазтәыз аҳақьым» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы рыхҵазааит:

Ачба Лиана Гьаргь-иҧҳа – Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым акушер-агинеколог;

Гоов Андзор Назрун-иҧа – Гәылрыҧшьтәи ацентртә раионтә хәышәтәырҭа аҳақьым- атравматолог;

Џьакониа Зинаида Михаил-иҧҳа – Пицундатәи ақалақьтә хәышәтәырҭа аҳақьым-атерапевт;

Қьышьмариа Мадонна Қарбе-иҧҳа – Очамчыратәи ацентртә раионтә хәышәтәырҭа аҳақьым хада;

Кәарҷиа Елисо Шамил-иҧҳа – Тҟәарчалтәи ацентртә раионтә хәышәтәырҭа ахшараиурҭа аҟәша аиҳабы;

Харчлаа Наргиза Арда-иҧҳа – Ареспубликатә хәышәтәырҭа анестезиологиа-реанимациатә ҟәша аиҳабы;

Ҷыҭанаа Диана Абрам-иҧҳа – Ареспубликатә хәышәтәырҭа аҳақьым акушер-агинеколог;

Шониа Анна Иван-иҧҳа – Ареспубликатә иҷыдоу аҧсихиатриатә хәышәтәырҭа аҳақьым-аҧсихиатр;

Шульгат Лиудмила Константин-иҧҳа – Ареспубликатә иҷыдоу аҧсихиатриатә хәышәтәырҭа аҳақьым-аҧсихиатр».

 



Возврат к списку