11.10.2018
Жьҭаарамза 11 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Ҵәыџьба Беслан изаамҭанытәиу арратә аинрал-полковник ихьӡ ихҵаразы Аусҧҟа.
Аусҧҟа атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ианашьазааит Ҵәыџьба Беслан Андреи-иҧа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистр Актәи ихаҭыҧуаҩ изаамҭанытәиу арратә аинрал-полковник ихьӡ».