03.10.2018
Жьҭаарамза 3 рзы Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Амаҵзура адҵаҟаҵареи хаҭалатәи аилазаареи дырҧылеит.
Аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҳәынҭқарра Ашәарҭадара Амаҵзура адҵаҟаҵареи хаҭалатәи аилазаареи аныҳәа аҽазыҟаҵареи амҩаҧгареи ирызкыз русуразы:
“Аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа цонаҵы, урҭ амшқәа зегьы ашәарҭадара аҧҵара иазку шәара шәусура ахәшьара ҳаракы аиуит. Даҽазныкгьы абри аус знапы ианыз зегьы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Есҽнытәи шәусура ашәарҭадара ахылаҧшра хықәкыс иаман. Ҳара иҳалшо зегьы ҟаҳҵалароуп ҳҳәынҭқарра ҿиаларц азы, ҳажәлар ҭынч инхо инҵуа аҧсҭазаара рымазарц азы.”