30.09.2018
Цәыббрамза 30 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩадатәи Кавказ хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рнапхгаҩцәа идикылеит.
Ахада хатәгәаԥхаралатәи аибашьцәа рнапхгаҩцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 25 ш. ахыҵра азгәаҭара амшқәа раан рааразы.
"Шәбара сеигәырӷьоит, ҳашьцәа гәакьақәа, Аԥсназы еиҳа ианыуадаҩыз, аибашьра ашьҭахьгьы аамҭақәа анымариамыз шәахьҳадгылаз. Урҭ ашықәсқәа рзы, шамахамзар, мышкы ҳхи-ҳареи ҳаизыншәмыжьит. Ҳшәызыгәдууп, ҳашьцәа, ҳазгәдууны иаҳҳәоит шәаргьы ҳаргьы ҳаидгыланы ари аиааира ҳчаԥеит ҳәа. Ҳара ҳзы акраҵнакуеит аԥхьаҟагьы ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара.
Иахьа аҭынч ԥсҭзаараҟынгьы аиааирақәа ҳгалароуп, араҟагьы шәара шәылшарақәа, шәареи аҳреи ҳаизыҟазаашьақәа аибашьраанеиԥш, ирыҵаркуа рацәоуп ҳара ҳзы", - иҳәеит Ахада.
Аиԥылара иалахәыз Ахадеи Аԥсны жәлари ирыдныҳәалеит, ирзеиӷьаршьеит аҭынчреи аизҳазыӷьареи.