Ахада даҭааит афымца еиҵастанциа "Гагра-1" аартра

Ахада даҭааит афымца еиҵастанциа "Гагра-1" аартра

Цәыббрамза 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра асоциалтә-економикатә ҿиаразы Аинвестициатә прогрмма ахарџь ала ажәытәтәи аҭыҧан иргылаз афымца еиҵастанциа "Гагра-1" аартра даҭааит.

Аҳәынҭқарра Ахада дахәаҧшны ибеит аихшарҭатә еиқәыршәарақәеи, иара убас азеиҧш станциеиҵа аусура аҳәаақәҵаратә ҭыҧи.
Амшынеиқәафымцамчы адиректор хада Аслан Басариа еиҭеиҳәеит ахыбра аусура шымҩаҧысуаз атәы.

"Ари астанциаҟны аусурақәа мҽхакы ҭбаала имҩасуан. Ҳаамҭа иақәшәо амыругақәа рыла еиқәыршәоуп, уаанӡа астанциеиҵаҟны аиҧҟьарақәа иҟалоз аиҵаастанциа амыругақәа ракәын изыхҟьоз, насгьы ихарҭәаау амчхара амамызт, иахьазы урҭқәа зегьы аҧыхуп, иӡбоуп. Классцыҧхьаӡа амчхара ахархәаразы, иара убас урҭ рҟынӡа афымцамчы анагара иадҳәалоу азҵаара ҳахәаҧшуазар, аиҵастанциа аҟнеиҧш аусурақәа мҩаҧгазар, ахархәаҩцәа афымцамчы еиҳа иақәгәыӷыртә иҟалоит, - иҳәеит А. Басариа.

Иаарту аихшарҭатә еиқәыршәарақәа рмыругақәеи рытрансформаторқәеи афымцамчхара ҳәаақәырҵоит 110 нызқь вольт рахьтә 6 нызқь вольт. Атронсформациа анаҩс, афымцамчы акабельқәа рыла иарку аихшарҭахь инеиуеит, нас акабельтә цәаҳәақәа еихшаны ақалақь араион ахәҭақәа рахь ирышьҭуеит, аиҵастанциа аҟынтәи амч роуеит. Иара убас ари аҭыҧ аҟны иҟоуп азеиҧш еиҵастанциа ҳәаақәызҵо аҭыҧ.

Раҧхьаӡакәны ари ахыбра ргылан, насгьы ахархәарахь ирыҭан 1957 ш.азы, уи аахыс амыругақәа акгьы ҧсахмызт, дара хымҧада иажәхьан.

Гагра араион азы ари даара акрызҵазкуа усуп ас еиҧш аиҵастанциа ашьақәыргылара ахьалыршахаз. Гагра ақалақь аиҵастанциақәа хҧа фымцамчыла еиқәыршәахоит. Аинвестициатә программа аҳәаақәа ирҭагӡаны, ахҧагьы рҿы аусурақәа мҩаҧгоуп, егьырҭ аҩба рҿы амыругақәа зегьы ҧсахуп, ари ахыбраҿы имҩаҧысит аиҵастанциа аргылара", - иҳәеит Аслан Басариа.

Аартра иазкыз аусмҩаҧгатә далахәын Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Алеқсеи Двинианин.
A65A6719-26-09-18-12-39.JPG


Возврат к списку