27.09.2018
Цәыббрамза 27 рзы Ахада Рауль Ҳаџьымба «Занҭариа В.К. «Ахьӡ-Аԥша» Аорден аҩбатәи аҩаӡара ианашьаразы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аусԥҟа атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Баҩхатәрала ирҿиаратә усуреи, ареспубликатә ауаажәларра-политикатә ԥсҭазаараҿы иааирԥшыз алшамҭа дуқәа рзы Занҭариа Владимир Константин-иԥа ианашьазааит «Ахьӡ-аԥша» Аорден аҩбатәи аҩаӡара».