21.09.2018
Цәыббрамза 21 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Ҟасеи Хачегогу «Аҧсны Жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы Аусҧҟа.
Аусҧҟа атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Акультуреи атеатртә ҟазареи рыҟны илшамҭақәа рзы, Аҧсны Аҳәынҭқарреи Ареспублика Адыгеиеи рыбжьара атеатртә еимадарақәа рырҕәҕәараҿы илагаламҭазы «Аҧсны Жәлар рартист» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит ХАЧЕГОГУ Ҟасеи Иахьиа-иҧа, И.С. Цеи ихьӡ зху Ареспублика Адыгеиа Амилаҭтә театр асахьаркыратә напхгаҩы».