Цәыббрамза 18 рзы Аҧсны Ахада Рауль Хаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр изы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.
Аусҧҟа атекст аҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«1. Даҭазааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министрс Бганба Валери Рамшьыхә-иҧа.
2. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара анапынҵақәа рынагӡара иацҵазааит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара ҿыц шьақәыргылахаанӡа.
3. Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр азакәан инақәыршәаны иҟаиҵааит ажәалагалақәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара ашьақәгылашьеи хаҭалатәи аилазаареи рзы».