11.09.2018
Цәыббрамза 11 рзы Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Ахада Вадим Красносельски Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дидышшылеит Аҧыза-министр Геннади Гагәылиа иҭахара инамаданы.
Аацҳамҭаҿы, ҷыдала, иҳәоуп:
«Геннади Леонид-иҧа иҧсадгьыл Аҧсны апатриот иашан, злеишәатә принципқәа ҳаракыз, ауаажәларратәи анапхгаратәи усураҿы аиҿкааратә ҟыбаҩ злаз, аҳәынҭқарратә знеишьа змаз уаҩын.
Аҧсны Аҳәынҭқарра аҿиараҿы Геннади Гагәылиа илагаламҭа ахә ашьара уадаҩуп. Приднестровиа ажәлар Геннади Леонид-иҧа иҭаацәа иахьа ироуз ацәыӡ иацу ахьаа рыцеиҩыршоит, аиашьаратә Аҧсны жәлар ирыцгәырҩоит».