09.09.2018
Нанҳәамза 9 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иналукааша аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр Геннади Гагәылиа машәырла иҭахара инамаданы аҧсыжра аиҿкааразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аҧҵаразы Адҵа инапы аҵаиҩит.
Адҵа атекст аҟны иҳәоуп:
"Аҳәынҭқарратә усзуҩы, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр Геннади Гагәылиа машәырла иҭахара инамаданы иаҧҵазааит Акомиссиа абри аилазаарала:
Ҳаџьымба Р.Џь.- Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада, Аҳәынҭқарратә комиссиа ахантәаҩы;
Кәарҷиа В.Е.- Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы;
Аршба Д.Д.-Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр Актәи Ихаҭыҧуаҩ;
Арсалиаҧҳа Е.А.- Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рминистр;
Ақаҩба Д.В.- Аҧсны Аҳәынҭқарра Аадәныҟатәи аусқәа рминистр.
Ладариа Р.М. - Гәдоуҭа араион Администрациа ахада;
Мерцухәлааҧҳа Т.В. - Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада;
Сангәлиа Д.Р. - Аҧсны Аҳәынҭқарра аминистрцәа реилазаара Аппарат анапхгаҩы;
Сангәлиа М.П. - Аҧсны Жәлар Реизара Аиҳабы ихаҭыҧуаҩ;
Цыгәба В.М.- ауаажәларратә усзуҩы;
Шьынқәба А. Е. - Аҧсны Аҳәынҭқарра Абыргцәа рхеилак Ахантәаҩы;
Ҷкотуа Д. А. - Лыхны ақыҭа Администрациа ахада".