07.09.2018
Цәыббрамза 7 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ашәҭқәа шьҭеиҵеит шьамтәылатәи ар реинрал Уалид Маршьан иҳаҭгәын аҿы.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убас дырԥылеит Уалид Маршьан иҭаацәа. Уалид иԥа Ҳалид, Рауль Ҳаџьымба «Бзиала уаабеит» ҳәа иеиҳәеит.
«Ҳара Ахада Башар Асад аџьшьара иаҳҭоит ҳабацәа рыдгьыл ихьыԥшым ҳәынҭқарраны иахьазхеиҵаз. Ҳара ҳзы гәадуроуп, ҳаҭыр зқәу Ахада, ҳаҭыр зқәу аделегациа алахәцәа, иахьа абра шәахьыҟоу. Жәаҳәарада, даара исцәыуадаҩуп сгәы иҭоу зегьы аҳәара, сгәадура аиҭаҳәара», -иҳәеит Ҳалид.
Рауль Ҳаџьымбеи Ҳалид Маршьани агәаларшәагатә ҳамҭақәа еимырдеит, анаҩс Ахадеи Маршьанаа рҭаацәеи еицәажәеит. Жансеҭ Казанԥҳа, зыԥсҭазаара иалҵхьоу аинрал Уалид Маршьан иԥшәмаԥҳәыс, Шьамтәыла Жәлар Реизара адепутат, ҩыџьа лыҷкәынцәа анҭаха анаҩс, аибашьраҿы зыхшара ҭахаз анацәа рыцхырааразы иаԥылҵеит ауаажәларратә еиҿкаара. Ари аиҿкаара есааира аҽарҭбаауан, иахьа Жансет Казанԥҳа Аибашьраҿы зыхшара ҭахаз анацәа русқәа рзы апарламенттә еилакы напхгара азылуеит.
Аҳәынҭқарра Ахада Маршьанаа рҭаацәа ирзеиҭеиҳәеит Аԥсны аҭагылазаашьа атәы, Аԥсни Шьамтәылеи реизыҟазаашьақәа рыҿиара мҩаҧысраны ишыҟоу.