Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Ахада Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны иҧылара иазку аофициалтә церемониа

04.09.2018

Ахада Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны иҧылара иазку аофициалтә церемониа

Цәыббрамза 4 рзы Жәлар рхан аҿаҧхьа ашҭаҿы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иҧылара иазкыз аофициалтә церемониа.

Цəыббрамза 4 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба официалтə визитла Шьамтəылатəи Арабтə Республика даҭааит.
Аиҿцəажəарақəа рҳəаақəа ирҭагӡаны Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахадеи Шьамтəылатəи Арабтə Республика Ахада Башар Асади ҩ-ганктəи аусеицурақəа, иара убас аҧсны-шьамтəылатəи аизыҟазаашьақəа рыҿиара азҵаарқәа ирылацәажәараны иҟоуп.

Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада напхгара ззиуа аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Аҧыза-министр Геннади Гагəылиа, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Барцыц, Ашəарҭадара Ахеилак амаӡаныҟəгаҩ Муҳаммед Кьылба, Адəныҟатəи аусқəа рминистр Даур Ақаҩба, Атəылахьчара аминистр Мираб Қьышьмариа, Аекономика аминистр Адгəыр Арӡынба.

A65A8708.JPG

A65A8741.JPG

A65A8851.JPG


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org