26.08.2018
Нанҳәамза 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума актәи, аҩбатәи, аҧшьбатәи ааҧхьара адепутат Сергеи Бабурин дидикылеит.
Ахада аҧсшәа иеиҳәеит.
«Шәбара ҳаигәырҕьоит акрызҵазкуа абри амш аҽны – ари хҭыс дуӡӡоуп ҳажәлар рзы, ҳҳәынҭқарразы.
Шәара иҟашәҵаз маҷӡам Аҧсны аамҭа хьанҭақәа инарыҭагылаз, Аҧсны ҭынч анхара, аҿиара анаҭахыз. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит есқьынгьы адгылара иҳашәҭо азы. Ҳара ҳзы гәадуроуп ас еиҧш аҩызцәа ахьҳамоу», - иҳәеит, лымкаала, аҳәынҭқарра Ахада.
Сергеи Бабурин Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.
«Гәахәара