26.08.2018
Нанҳәамза 26 рзы Ҟарачы-Черқьесктәи Ареспублика Ахада Рашид Темрезов Аҧсны Аҳәынҭқаара Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра Жәларбжьаратәи азхаҵара жәашықәса ахыҵра идиныҳәалеит.
Адныҳәалартә аацҳамҭаҟны, ҷыдала , иҳәоуп:
"Милаҭрацәала еилоу Ҟарачы-Черқьеск иқәынхо ажәларгьы саргьы ҳахьӡала гәык-ҧсык ала аҧсуа жәлар нашәыдкыланы ишәыдысныҳәалоит Урыстәыла шәҳәынҭқарра ахьыҧшымра азханаҵеижьҭеи жәашықәса аҵра амш.
Ахақәиҭра бзиа избо аҧсуа жәлар хамеигӡарада иеибашьны, аекономикатә блокада рыхганы, насыҧ рыманы, рхы иақәиҭны, ҭынч инхо-инҵуа ҧсҭазаара ашаьқәыргылара рылшеит.
Иахьа Аҧсынтәыла асоцал- економикатә ҿиаразы иамоуп аҭагылазаашьақәа жәпакы. Агәыларатә ҳәынҭқаррақәеи Аҧсни аизыҟазаашьа бзиақәа рышьақәгылара иаҿуп иеиуеиҧшым ахырхарҭақәа рыла, атәыла аҩныҵҟа зеиӷьыҟам аиҭакрақәа азгәаҭоуп - атуристтә лшарақәа аизҳара иаҿуп, иӷәӷәахоит ахәаахәҭра-ааглыхратә еимадарақәа, аргыларатә усхкқәа рыҿиара мҩаҧысуеит. Агәылеимабзиареи аҭыреиқәҵареи аҵасқәа инарықәныҟәаны, атәылауаа зегьы еидызкылоа ари аныҳәа аҽны Аҧсны жәлар ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, изызҳауа ахәыҷқәа насыҧ рыманы, шықәсырацәала аҭышәынтәалареи аизҳазыӷьареи ыҟазааит шәыдгьыл аҟны".