23.08.2018
Нанҳəамза 24 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Москва иусуратә визит аан Урыстəылатəи Афедерациа Ахада Владимир Путин диҧылараны дыҟоуп.
Аиҿцəажəарақəа раан Рауль Ҳаџьымбеи Владимир Путини ҩ-ганктәи аусеицуреи аҧсуа-аурыс еизыҟазаашьақəа аҧхьаҟатәи рыҿиареи ирызку азҵаарақәа ирылацәажәараны иҟоуп.
Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада напхгра ззиуа аделегациа аилазаараҿы иҟоуп: Геннади Гагəылиа, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Беслан Барцыц, Афинансқəа рминистр Џьансыхə Нанба.