15.08.2018
Нанҳәамза 15 рзы хатәгәаҧхарала еибашьуаз рымш аҽны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Гәдоуҭа ақалақь аҿы хатәгәаҧхарала еибашьуаз рбаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Ари аусмҩаҧгатә иалахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа, аҧыза-министр Геннади Гагәлиа, аветеранцәеи хатәгәаҧхарала еибашьуази реиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи, урҭ рылахәцәеи, иара убас ауаажәларра рхаҭарнакцәа.