22.07.2018
Ҧхынгәымза 21 рзы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Адыгеиа Ареспублика Ахада Мураҭ Кумпилови Урыстәылатәи Афедерациа иатәу 7-тәи Краснодартәи абираҟҟаҧшьтә арратә база иаҭааит 100-шықәса ахыҵра инамаданы.
Рауль Ҳаџьымбеи Мураҭ Кумпилови абаза иаҵанакуаз ҳазҭагылоу аамҭазтәи арбџьари атехникеи рцәыргақәҵа иахәаҧшит.
Арратә база адҵаҟаҵаҩ аполковник Игор Егоров Аҧсны Ахадеи Адыгеиа Ареспублика Ахадеи рзы аекспонатқәа дырзааҭгыланы дрыхцәажәеит.