13.07.2018
Ҧхынгәымза 15 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аиҿкааҩцәа иҟарҵаз ааҧхьарала Москва имҩаҧысуа ашьапылампыл асразы Адунеи ачемпионат аркра даҭаауеит.
"Ари спорттә ныҳәа дуӡӡоуп. Ҳара ҳгәылацәа, ҳҩызцәа ргәырҕьара рыцеиҩаҳшоит. Ачемпионат мҩаҧысуеит иреиҳау аҩаӡара аманы. Еизгоу Урыстәыла акоманда даара иаҧсаны иқәгылеит, ахәаҧшцәа, ашьапылампыл абзиабаҩцәа ргәыӷра иамеҩжьеит еиҧш. Агәраганы сыҟоуп, иаарласны, иахьакәымзар уаҵәы ҳара ҳкомандагьы адунеитә шьапылампыл асразы иазку ари еиҧш ахҭыс ду ишалахәхо"- ҳәа азгәеиҭеит Аҳәынҭқара Ахада.