Ахада Гәдоуҭа ақалақь даҭааит

Ахада Гәдоуҭа ақалақь даҭааит

Лаҵарамза 11 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Гәдоуҭа араион Ахада Руслан Ладариа далархәны имҩаҧигаз аусуратә еиҧылара ашьҭахь Гәдоуҭа даҭааит.

Ахада ақалақь аҟны имҩаҧысуа Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра амузеи аргыларатә усурақәа рымҩаҧысшьа гәеиҭеит. Аргыларатә усурақәа рнапхгаҩы, ЗҲӘА "Готика"адиректор Игор Амыҷба иҳәеит аргыларатә усурақәа рыцҵаразы аҧара шазымхо атәы.

Ахада Аҧыза-министр инапы ианиҵеит иааиуа амчыбжь азы аусурақәа рыцҵаразы афинанстә хархәагақәа рыҧшаара. Аҧыза-министр Геннади Гагәлиа арҿыцра-ргыларатә усурақәа рнапхгаҩцәа ирыдиҵеит иааиуа амзацыҧхьаӡа рзы аныхтәқәа рхарџьынҵа аздырхиарц.

Аҳәынҭқарра Ахада амшын аҧшаҳәа дахәаҧшны ибеит аҿар раҧшьгарала аҭыҧқәа ррыцқьареи ахҳәцәқәа рышьҭаҵареи аусмҩаҧгатәқәа ахьеиҿкааз. Аҳәынҭқарра Ахада ахә ҳаракны ишьеит аҿар имҩаҧыргаз аусура, иаҵшьынгьы иҳәеит араион анапхгара рнапы ианиҵеит урҭ иаҭаху адгылара рыҭара.


Возврат к списку