Ахада Германиа Афедеративтә Республикаҟны иҟоу ААП аофициалтә хаҭарнак хадара ззиуа Германиа Афедеративтә Республика аделегациа идикылеит.

Ахада Германиа Афедеративтә Республикаҟны иҟоу ААП аофициалтә хаҭарнак хадара ззиуа Германиа Афедеративтә Республика аделегациа идикылеит.



Лаҵарамза 10 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аделегациа идикылеит Германиа Афедеративтә Республикаҟны иҟоу ААП аофициалтә хаҭарнак Вольфганг Матцке дызхагылаз.
Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата Ахада Тамила Мерцхәлааҧҳа аҳәынҭқарра Ахада аделегациа алахәцәа илырдырит, иагьизеиҭалҳәеит ААП аофициалтә хаҭарнак Германиа имҩаҧиго аусура атәы.

«Иахьа агәра ганы иуҳәартә иҟоуп, ҳаҭыр зқәу Вольфганг Матцке имҩаҧиго аусура Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аҿаҧхьа иқәнаргыло ахықәкқәеи ауснагӡатәқәеи инарықәыршәаны, алҵшәа бзиақәа амоуп ҳәа. Уи атәы аҳәоит акыр шықәса раахыс имҩаҧгаз аусура, Аҧсны Аҳәынҭқарра аалыҵ ацәыргара, иеиуеиҧшым аусмҩаҧгатәқәа рыҽрылархәра убрахь иналаҵаны, ҷыдала, иеицырдыруа жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа “Амчыбжь иаҵәа” аҟны. Ари зегьы алыршахеит ҳофициалтә хаҭарнак имҩаҧиго аусура иабзоураны», - иазгәалҭеит Тамила Мерцхәлааҧҳа.

Германиа иҟоу Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата аофициалтә хаҭарнак аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит адкыларазы, иагьианаишьеит агәаларшәагатә ҳамҭа.

«Иҭабуп, аамҭа ҧшааны ҳахьшәыдышәкылаз. Гәахәароуп ҳара ҳзы Аҧсны ҳаҟазаара, иара убас Берлин имҩаҧаҳго аусура зҿлымҳара ахьашәҭо. Ҳара Шәара шәзы аҳамҭа ҳамоуп. Ари Берлин ақалақь иадыргоуп, аҧсуеи анемец бираҟи зну амшә», - иҳәеит Вольфганг Матцке.

Аделегациа иалахәыз аинвестор Микаель Голдшмидт далацәажәеит игәҭакқәеи Аҧсны шидикылази ртәы.

«Сара хәынтәуп Аҧсныҟа саауеижьҭеи. Ари атәыла хәыҷы иссиру тәылоуп. Сгәы иаанагоит иара есааира еиҕьхаларц азы ацхыраара ҳалшап ҳәа. Гәахәароуп сара сзы ари аделегациа сахьалахәу. Иҭабуп иҟашәҵаз адкыларазы. Аҧсны аинвестициа алагалара азгәаҳҭоит, уи Аҧсны аекономикатә ҿиара иацхраап ҳәа ҳгәы иаанагоит», - иазгәеиҭеит иара.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аҧсны Аҳәынҭқарра иазку ииашоу аинформациа жәларбжьаратәи ауаажәларра рҟынӡа анагара аҵак ду шамоу.

«Аус ҳацзур зҭаху Европатәи аидгыла атәылақәееи, егьырҭ аҳәынҭқаррақәеи ҳареи иҳабжьало аизыҟазаашьақәа ртәы ҳҳәозар, ҳара ҳабжьы раҳар ҳҭахуп. Ииашоу аинформациа рымазар ҳҭахуп Аҧсны азы. Ҳара имариамыз аибашьреи уи ашьҭахьтәи аамҭа хьанҭеи ҳхаҳгеит. Шәара ижәдыруеит ҳәа сгәы иаанагоит аблокада ҳанҭакызгьы шыҟаз. Ахеиқәырхара аамҭа ҳҭагылан. Иахьа даҽа ҭагылазаашьоуп иҟоу.

Ҳара ҳзы акраҵанакуеит аекономикатә зҵаарақәа рганахьала аизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ахьылыршахаз, иааҳакәыршаны иҟоу аҳәынҭқаррақәа еиҳа еиҕьны ҳаилыркаауа иахьалагаз. Ақырҭуа ган Аҧсны зхы иақәиҭым тәылоушәа аинформациа ашьҭра рыҽшазыршәогьы, аус ҳацызурц зҭаху ауаа уи иацәшәом ҳәа сгәы иаанагоит. Иҭабуп ҳәа шәаҳҳәоит ҳусеицура иацхраауа зегьы», - иҳәеит Ахада.

Аҧсны Аҳәынҭқарра ашҟа апресс-турқәа реиҿкааразы апроект инақәыршәаны Ахәаахәҭра-ааглыхратә палата ааҧхьарала АИХ рыҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра аҭааразы еиҳа иҵабыргу аинформациа акьыҧхьра хықәкыс иҟаҵаны аделегациа далахәны даааит иара убас ихьыҧшым ажурналист Томас Нельс.

 


Возврат к списку