Аҧсны Ахада Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахьыҧшымра амш инамаданы Башар Аль-Асад ихьӡала ацҳамҭа ишьҭит

Мшаҧымза 17 рзы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ацҳамҭа ишьҭит Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахада Башар Аль-Асад ихьӡала Ахьыҧшымра амш инадҳәаланы.

Ацҳамҭаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Аҧсны жәлари хаҭала сара сыхьӡалеи гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәаларц сҭахуп Шьамтәылатәи Арабтә Республика Ахьыҧшымра амш 72 шықәса ахыҵра.

1946 шықәса мшаҧымза 17 рзы Шьамтәыла ахьыҧшымра рылаҳәара шьамтәылатәи ажәлар рҭоурых азы акрызҵазкуа хҭысны, шәҳәынҭқарра ашьақәгылараҿы аҵак ду змоу аамҭаны иҟалеит.

Иахьа Шьамтәылатәи Арабтә Республика – ихьыҧшым ҳәынҭқарроуп. Обиективла ауадаҩрақәа шыҟоугьы, атәыла аихьӡарақәа амоуп аҳәынҭқарра аргыларазы иеиуеиҧшым аусхкқәа рыҟны. Ари аҧеиҧш бзиа шышәҧеиҧшу атәы аҳәоит.

Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны Шьамтәыла аиҳабыреи ажәлари жәларбжьаратәи атерроризм иаҿагыланы имҩаҧырго, адунеи атәылақәа реиҳарак ззыразу ақәҧара иадгылоит. Аха Дамаск атерроризм иаҿагыланы имҩаҧнаго ақәҧара иамоу аихьӡарақәа Мраҭашәара атәылақәаки ЕАА ирыдыркылом.   

Ҳара ҕәҕәала ҳрықәыӡбоит Шьамтәылатәи Арабтә Республика аганахьала ЕЕА-еи урҭ рыдгылаҩцәеи рагрессиа актқәа, Шьамтәыла анапхгара имҩаҧнаго аусқәа ҳрыдгылоит.

Аҧсны ахә ҳаракны иршьоит Шьамтәылатәи Арабтә Республикеи ҳареи иҳабжьоу аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа, наҟ-ааҟ иаҳзыфеиданы иҟоу аусеицура амҽхак арҭбаара аҵакы ду арҭоит. 2017 шықәса нанҳәамзазы Аҧсны Аҳәынҭқарра ахаҭарнакратә делегациа Дамаск аҭаара ҳаизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырҭбаареи рзы акрызҵазкуа шьаҿаны иҟалеит.

Сгәы иаанагоит ҳтәылақәа рыбжьара аусеицура аҧхьаҟагьы аҿиара роуп, иҿыцу ҵакыла ахарҭәаара алыршахоит ҳәа.

Ҳаҭыр зқәу Ахада, абри аныҳәамш аҽны азин сышәҭозар, Шәаргьы Шьамтәыла ажәлар зегьы ишәзеиҕьасшьарц сҭахуп аҭынчра, аманшәалара, аизҳазыҕьара!»


Возврат к списку