21.03.2018
Хәажәкырамза 21 азы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ииубилеи идиныҳәалеит
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин.
Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Гәык-ҧсыкала ишәыдысныҳәалоит 60-шықәса Шәхыҵра.
Урыстәыла ахә ҳаракны иршьоит Шәара аидгыларатәи астратегиатәи усеицуразы ҳтәылақәа ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рырҿиаразы шәылшамҭақәа. Сгәы иаанагоит аҧхьаҟагьы қәҿиарала ҳусура иацҵахап ҳәа.
Ҳаҭыр зқәу Рауль Џьумка-иҧа, шәымшира шәыдныҳәало, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч, анасыҧ, шәнапы злаку аҳәынҭқарратә усураҿы аихьӡарақәа!».