Ахада Николаи Кәыҵниа дидикылеит

Ахада Николаи Кәыҵниа дидикылеит

Хәажәкырамза 13 рзы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба ашәҟәыҩҩы Николаи Кәыҵниа дидикылеит 80-шықәса ихыҵра аҽны.

Ахада иазгәеиҭеит Николаи Кәыҵниа алитератураҿы имоу аихьӡарақәа.

«Аамҭа хьанҭақәа раан, амилаҭ-хақәиҭратә қәҧара ашықәсқәа рзы Шәара активла Аҧсны аҧсҭазаара иалахәыз аҧсуа шәҟәыҩҩцәа шәыруаӡәкуп. Ҳаҧхьаҩцәа Шәара шәырҿиамҭақәа бзиа ирбоит, иаҧхьоит. Ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи, ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч», - иҳәеит Ахада.

Николаи Кәыҵниа Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы, иара убас ирҿиамҭақәа рҭыжьраҿы ииҭаз ацхырааразы.

«Раҧхьаӡа иргыланы, сара хьаас исымоуп изҩыз сҩымҭақәа ҭыжьны аҧхьаҩцәа рҟынӡа анагара. Абри аус аҿы Шәара шәсыцхраауеит, иҭабуп ҳәа шәасҳәарц сҭахуп»,- иазгәеиҭеит иара.

Николаи Кәыҵниа далацәажәеит иара убас арҿиаратә гәҭакқәа имоу ртәы, урҭ наигӡар шиҭаху азгәаҭаны.

Аҭҵаарадырреи, акультуреи, аҵараиуреи рзы Ахада Иабжьгаҩ Владимир Занҭариа иҳәеит данқәыҧшыз Николаи Кәыҵниа иҟны дышнеилоз заатәи иажәеинраалақәа иманы.

«Иара ҳгәы азҭеиҵон аусура, агәыҕра ҳаиҭон. Хрушьиов ихаан Аҧсынгьы ицәырҵит ашәҟәыҩҩцәеи апоетцәеи зыбжьы ҭыганы изыргаз. Урҭ аҧсҭазаара, аҧсихиологиа азҵаарақәа шьҭырхуан. Николаи Кәыҵниа убарҭ дыруаӡәкуп. Алитература – иара иҧсҭазаара ҵакыс иамоуп. Ааҧсарак ҟамҵакәа аус иуеит. Иаргьы иҭаацәагьы ирзеиҕьасшьоит агәабзиара, агәамч ҕәҕәа»,- иҳәеит Владимир Занҭариа.

IMG_8263.JPG


Возврат к списку