19.02.2018
Жәабранмза 9 рзы Ахада инапы аҵаиҩит Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр изы Аусҧҟа.
Аусҧҟаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Ихы дақәиҭтәызааит Сериков Дмитри Николаи-иҧа Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр ихаҭыҧуаҩ, афинансқәа рминистр имаҵураҟнытә ииҩыз арзаҳал инақәыршәаны.
Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр афинансқәа рминистр имаҵура анагӡара лнапы ианҵазааит Амыҷба Ирма Фиодор-иҧҳа, Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр афинансқәа рминистр ихаҭыҧуаҩ.
Абри Аусҧҟа амч аиуеит 2018 шықәса жәабранмза 19 рзы».