Ахада инапы аҵаиҩит Аршба Владимир Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ (аҧсрашьҭахь) ихҵаразы Аусҧҟа

Ажьырныҳәамза 17 рзы Аҧсны Ахада Ҳаџьымба Рауль инапы аҵаиҩит Владимир Аршба Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ (аҧсрашьҭахь) ихҵаразы Аусҧҟа.

Аусҧҟаҟны, ҷыдала, иҳәоуп::

«1992-1993 шш. раан Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иааирҧшыз агәымшәареи афырхаҵареи рзы АРШБА Владимир Гьаргь-иҧа Аҧсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ (аҧсрашьҭахь) ихҵазааит».


Возврат к списку