Аҧсны Ахада Аҧсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа дидикылеит

Аҧсны Ахада Аҧсны жәлар рпоет Мушьни Лашәриа дидикылеит



Ажьырныҳәамза 16 рзы Аҧсны Ахада Аҧсны жәлар рпоет,  Аҧсны Ашәҟәыҩҩцәа рассоциациа Ахантәаҩы, академик, Аҧсуаҭҵааратә институт алитература аҟәша аиҳабы Мушьни Лашәриа 80- шықәсаихыҵра идиныҳәалеит.

 Ахада иазгәеиҭит Мушьни Лашәриа илагаламҭа ду аҧсуа поезиеи, алитературеи, ауаажәларра-политикатә ҧсҭазаареи рыҟны.  

«Зегьы ирдыруеит иахьа зиубилеи азгәаҳҭо ауаҩы илшамҭақәа аҳәынҭқарра аргылараҿы, апоезиаҿы, алитератураҿы.  Иара инапы злаку иарбанусзаалак аҟны аихьӡарақәа имоуп. Гәык-ҧсыкала изеиҕьасшьоит агәабзиара, ақәҿиарақәа. Агәра згоит аҧхьаҟагьы Аҧсны аизҳазыҕьара аус азы ишәылшәыршо шырацәоу», - иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада. 

Аҭҵаарадырреи, акультуреи, аҵареи рзы Ахада Иабжьгаҩ Владимир Занҭариа Мушьни Лашәриа ихьӡала иҟаҵаз адныҳәалара иацҵаны иҳәеит:

« 80-шықәсашәхыҵра – хҭыс дууп Шәара шәзеиҧш, алитература иадҳәалоу, апоезиа бзиа избо рызгьы. 60-тәи ашықәсқәа рзы иҭыҵит аҿар ҿырҳәала ирдыруаз, бзиар ирбоз, иахьагьы изыҧхьо Шәара шәлирикатә рҿиамҭақәа реизга», - иазгәеиҭит иажәахә аҿы Владимир Занҭариа.

Аҧыза-министр Беслан Барцыц далацәажәеит Мушьни Лашәриа 80 шықәсаихыҵра азгәаҭара иазку аиҳабыратә комиссиа азҧхьагәаҭақәа ртәы.  Аныҳәатә усмҩаҧгатә хада мҩаҧысраны иҟоуп Аҟәа ақалақь аҟны. Убри инаваргыланы Москва имҩаҧгахоит Аҧсны Жәлар рпоет ирҿиаратә хәылҧазы.  

Аҭҵаарадырреи аҵареи рминистр Адгәыр Какоба иазгәеиҭит аиубилеи Аҧсны ауааҧсыра зегьы рзы хҭыс дуны ишыҟоу.

  «Аҧсуа поезиа антологиа» ала иубоит Мушьни Лашәриа иус шаҟа гәцаракрала дазнеиуа», -иаҵшьны иҳәеит Адгәыр Какоба.

Аҧсуаҭҵааратә институт Адиректор Арда Ашәба ирылеиҳәеит Мушьни Лашәриа ирҿиаратә мҩа иазку жәларбжьаратәи аҭҵаарадырра-практикатә конференциа амҩаҧгара шазгәаҭоу. 

Аҧсны Жәлар рпоет Мушьни Лашәриа Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адныҳәаларазы. Уи иара убас Ахада ҳамҭас ииҭеит  иара аурысшәахь еиҭеигаз Александр Пушкин иажәеинраалоу ироман «Евгени Онегин» аҭыжьымҭа аҧсышәалеи аурысшәалеи.   Апоет иҭабуп иеиҳәеит аҳәынҭқарра Ахада ашәҟәы аҭыжьраҿы иҟаиҵаз ацхырааразы.

Аиҧылара ахыркәшамҭаз аҳәынҭқарра Ахада Мушьни Лашәриа ианеишьеит «Ахьӡ-Аҧша» аорден актәи аҩаӡара.




Возврат к списку