Ҧхынҷкәынмза 15 рзы аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит иеицырдыруа амузыкаҭҵааҩ, акультураҭҵааҩы, аскрипкарҳәаҩы, ателехәаҧшратә дырраҭарақәа равтор Михаил Казиник.
Михаил Казиник иҭабуп ҳәа иеиҳәеит аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адкыларазы.
«Ара иҷыдоу ҭыҧуп, гәыҩбарада. Аҟәаҟа амҩа ҳшықәыз Гәдоуҭа ҳамҩахыҵит, иҭахаз рбаҟаҟны ҳнеин, иаҳгәалаҳаршәеит. Сара Аҧсны зегьы раасҭа иҭынчыз, насыҧ змаз тәыланы ауп ишыздыруаз. Аҧсны зеиҧш ыҟам антика аамҭазтәи абаҟақәа ахьеиқәхаз, антикатә цивилизациа ахьыҟаз ҭыҧк аҳасабала иахәаҧштәуп.
Иазгәасҭарц сҭахуп, атәыла зегьы аурысшәа ҧшӡала ишцәажәо. Шәара акультурақәа ахьеилысуа аҭыҧ аҟны шәынхоит азы уи акультура ҳаракы ахьыҟоу ҭыҧуп ара. Фазиль Искандер уи ус шакәу ирҵабыргуеит. Адунеи аҟны ашәҟәыҩҩцәа хҩык-ҧшьҩык роуп зыжәлар аарҧшра зылшаз алаф абызшәала.
Аҧсны, сара сгәаанагарала, иеизҳазыҕьо тәылоуп, уи иаҭаауа иалагоит Диоскуриада азы мацарагьы. Ари иеиҧшу атәылақәа маҷуп, сара адунеи сакәшахьеит аха», - иҳәеит иара.
Рауль Ҳаџьымба Михаил Казиник аҧсшәа иаҳәо, иазгәеиҭеит Аҧсны аҳәынҭқарреи ажәлари знысыз амҩа бзиаӡаны изныҧшыз арҭ абаҟақәа зегьы, аиашазы, рҩыза шыҟам.
«Сара иҭабуп ҳәа шәасҳәоит шәахьаҳҭааз, ҳҳәынҭқарра, ҳажәлар, ҳҭоурых абас рыхә ахьышәшьаз азы. Ҳара ҳзы аҵакы ду амоуп иахьа иеиқәханы иҟоу, уи абиҧара ҿыцқәа рахь ииагатәуп ҳәа иҳаҧхьаӡоит. Аиашахаҵаратә ныхабаақәа, реиҳарак, ахьгылоу аҭыҧқәагьы амч ҷыда змоу ҭыҧқәоуп.
Аурыс бызшәа аиқәырхара ҳара ҳзы аҵак ду амоуп, аха убри аангьы ҳара ҳҳәынҭқарратә бызшәа аиқәырхаразы аусура ду мҩаҧаҳгоит. Уи ада ҳҳәынҭқарреи ҳажәлари рхаҿра ыӡуеит», - иҳәеит Ахада.
Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынхеи рыхьчаразы аминистр Ельвира Арсалиа иеицырдыруа акультураҭҵааҩ арҭ амшқәа рзы Аҧсныҟа иаара асимволтә ҵакы амоуп.
«Ҳара жәацы ҳсахьаҭыхҩы дуӡӡа ииубилеи азгәаҳҭеит, уигьы акультурақәа реилысырҭа далагылан. Шәара ҳаицәажәарақәа ирықәҿыҭуа иазгәашәҭеит акульуратә мҩақәа аполитикатәқәа раасҭа еиҳа шрылшо, урҭ рмиссиа хазуп. Акультура амчра иҳанаҭо анырра даара иаҳҭахны иҟоуп иахьа, убри аҟнытә ари машәырла иҟамлаӡеит», - лҳәеит Ельвира Арсалиа.
Аиҧылара ахыркәшамҭазы аҳәынҭқарра Ахада Михаил Казиник агәалашәаратә ҳамҭақәа ианеишьеит.
«Иҭабуп ҳәа шәсҳәоит шәажәа ҧхақәа рзы, сгәы иаанагоит аҧсуа жәлари Шәареи шәеиҧыларақәа ирыцҵахоит ҳәа аҧхьаҟагьы, иҵегьы шәаҳҭаауеит ҳәа», - азгәеиҭеит Ахада.