Ахада Цхинвалтәи ашкол №5 ашҭаҟны иҟоу амемориалтә нышәынҭраҿы игылоу ауахәама маҷ аҟны ақырҭуа агрессиа иахҟьаны иҭахаз ргәалашәаразы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

Ахада Цхинвалтәи ашкол №5 ашҭаҟны иҟоу амемориалтә нышәынҭраҿы игылоу ауахәама маҷ аҟны ақырҭуа агрессиа иахҟьаны иҭахаз ргәалашәаразы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит

Абҵарамза 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Цхинвалтәи ашкол №5 ашҭаҟны иҟоу амемориалтә нышәынҭраҿы игылоу ауахәама маҷ аҟны ақырҭуа агрессиа иахҟьаны иҭахаз ргәалашәаразы ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иалахәын Алада Уаҧстәылатәи Ареспублика Аиҳабыра Ахантәаҩы Ерик Пухаев, Аҧсны Аҳәынҭқарраҿы иҟоу Алада Уаҧстәылатәи Ареспублика Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Аиҳабы Даур Аршба, Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба, Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгәыр Какоба, Ақыҭанхамҩа аминистр Даур Ҭарба.

Абҵарамза 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Алада Уаҧстәылатәи Ареспубликахь иофициалтә визит алагеит.


Возврат к списку