14.10.2019
Ахада Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр изы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит
Жьҭаарамза 14 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҧыза-министр изы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.
12.10.2019
Ахада ҭагалан ныҳәа «Лыхнашҭа» даҭааит
11.10.2019
Ахада аррамаҵзуцәа Аҧсны Аҳәынҭқарра Арбџьар Мчқәа Рымш рыдиныҳәалеит
Жьҭаарамза 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Атәылахьчара аминистрраҿы имҩаԥысыз аныҳәатә еизараҟны Аԥсны аррамаҵзуцәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьармчқәа рымш рыдиныҳәалеит.
11.10.2019
Ахада Афедералтә Еизара Атәылахьчареи ашәарҭадареи русқәа рзы Афедерациа Ахеилак аделегациа идикылеит
Жьҭаарамза 11 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба идикылеит усуратә визитла Аԥсныҟа иааз атәылахьчареи ашәарҭадареи рзы Афедералтә Еизара Атәылахьчареи ашәарҭадареи русқәа рзы Афедерациа Ахеилак аделегациа.
10.10.2019
Ахада Аминистрцәа реилазаара аҧхьатәаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит
Жьҭаарамза 10 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба «Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада изы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан 11-тәи 12-тәи ахәҭаҷқәеи «Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара (Аиҳабыра) азы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Аконституциатә Закәан 6-тәи ахәҭаҷи инарықәыршәаны, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аминистрцәа реилазаара аҧхьатәаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
10.10.2019
Ахада Ареспублика Арцах аделегациа идикылеит
Жьҭаарамза 9 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада РаульҲаџьымба Ахада имаҵура анагӡарахь инеира иазку аныҳәатә еилатәара залазырхәырц иааз Ареспублика Арцах аделегациа идикылеит.
09.10.2019
Ахада Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аделегациа идикылеит
Жьҭаарамза 9 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Ахада имаҵура анагӡарахь инеира иазку аныҳәатә еилатәара зҽалазырхәырц иааз Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аделегациа идикылеит.
09.10.2019
Ахада Аҧсны иҟоу Никарагуа Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес-Мехиа дидикылеит
Жьҭаарамза 9 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Рауль Ҳаџьымба Аҧсны иҟоу Никарагуа Аҷыдалкаатәи Азинмчы змоуи Ацҳаражәҳәаҩ Альба Асусена Торрес-Мехиа дидикылеит.
09.10.2019
Ахада Чечентәылатәи Ареспублика Апарламент Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ дидикылеит
Жьҭаарамза 9 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Ахада имаҵура анагӡарахь инеира иазку аныҳәатә еилатәара зҽалазырхәырц иааз Чечентәылатәи Ареспублика Апарламент Ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Шаид Жамалдаев.
09.10.2019
Ахада Адыгатәыла Ареспублика аделегациа идикылеит
Жьҭаарамза 9 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Ахада имаҵура анагӡарахь инеира иазку аныҳәатә еилатәара зҽалазырхәырц иааз Адыгатәыла Ареспублика аделегациа идикылеит.
09.10.2019
Ахада Ҟарачы-Черқьестәи Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Мусса Екзеков дидикылеит
Жьҭаарамза 9 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Ҟарачы-Черқьестәи Жәлар Реизара Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ, Адунеизегьтәи аҧсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак Ахантәаҩы Мусса Екзеков дидикылеит.
09.10.2019
Рауль Ҳаџьымба Анатоли Бибилов дидикылеит
Жьҭаарамза 9 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Алада Уаҧстәыла Ахада Анатоли Бибилов дидикылеит.
09.10.2019
Ахада Аҩада-Уаҧстәыла аделегациа идикылеит
Жьҭаарамза 9 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩада Уаҧстәыла – Аланиа Аконституциатә Ӡбара Ахантәаҩы Станислав Кесаев напхгара ззиуа Аҩада Уаҧстәыла – Аланиа аделегациа идикылеит.
09.10.2019
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵура анагӡарахь инеира иазку аныҳәатә церемониа
Жьҭаарамза 9 рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имаҵура анагӡарахь инеира иазку аныҳәатә церемониа.
09.10.2019
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада имаҵура анагӡарахь инеира иазку аныҳәатә еилатәараҟны иқәгылара
Жьҭаарамза 9 рзы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имаҵура анагӡарахь инеира иазку аныҳәатә еилатәара.
09.10.2019
Ахада Аҩадатәи Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аминистр Сергеи Чеботариов диҧылеит
Жьҭаарамза 9 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩадатәи Кавказ аусқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аминистр Сергеи Чеботариов дидикылеит.
Ахада Сергеи Чеботариов аҧсшәа еиҳәеит.
09.10.2019
Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит
Жьҭаарамза 9 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Актәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориал амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
07.10.2019
Путин имшира идныҳәалара
Жьҭаарамза 7 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин имшира идиныҳәалеит.
05.10.2019
Арҵаҩы имш азы адныҳәалара
Жьҭаарамза 5 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны арҵаҩцәа рзанааҭтә ныҳәа рыдиныҳәалеит.
01.10.2019
Ахада Шьамтәылатәи Арабтә Республика адепутатцәа рделегациа идикылеит
Цәыббрамза 1 азы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аиааиреи Ахьыҧшымреи рныҳәа зҽалазырхәырц иааз Шьамтәылатәи Арабтә Республика адепутатцәа рделегациа идикылеит.