Аҧсны Ахада Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр Ельвира Арсалиа дидикылеит

Абҵарамза 21 азы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр Ельвира Арсалиа дидикылеит

Аиҧылара иара убас далахәын Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рзы аминистр ихаҭыҧуаҩ Баҭал Кобахиа.

Рауль Хаџьымба: Иаҳзеиҭашәҳәа Петербург шәнапы зҵажәҩыз адокументқәа ртәы. Сара излаздыруала, шәусура ахырхарҭақәа жәпакы рылацәажәаразы аҭагылазаашьа шәыман.

Эльвира Арсалиа: Аҧснытәи аделегация ҧшьышықәсоуп адунеи аҿы зегьы иреиҳау афорум – Санкт-Петербургтәи жәларбжьаратәи акультуратә форум аусура иалахәижьҭеи. Афорум атезис хаданы Урыстәыла Ахада ирылеиҳәаз – акультура, амилаҭбжьаратәи акультурабжьаратәи усеицура аформа, ҳара ҳзы даара актуалра аман.

Ҳара аҭакҧхықәрагьы ҳаднаҵоит, иагьгәадуроуп аусура аҽалархәра адагьы, ари афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны ҳара ҳзы акрызҵазкуа апланқәа, аиқәшаҳаҭрақәа рыҵаҩра. Ҳәарада, акультура аусзуҩцәа, аполитикцәа, аиҳабыра рнапхгаҩцәа, амеценатцәа – иахьа адунеи аҿы акультуратә политика ахырхарҭа шьақәзыргыло ауаа ахьеизаз афорум аҟны хыҧхьаӡара рацәала аинформациа аиуразы алшарагьы ҳауит. Абри зегьы ҳбартә еиҧш, иара убас џьара аҽалархәразгьы аҭагылазаашьа ҳаман.

Ҳара ҳзы акраҵанакуеит Аҧсны, Италиа, Катар Урыстәыла Аминистрра алархәны 2018 шықәсазтәи Апланқәа иахьрыҵаҩыз. Ари ҧасатәи излеиҧшым, иара арҭбаара ҳалшеит, ҳколлегацәагьы адгылеит, избан акәзар 2018 шықәса – жәларбжьаратәи азхаҵара аиубилеи иашықәсуп, аусмҩаҧгатәқәа реиҳаракгьы ари арыцхә азгәаҭара иазкхоит. Ҳара хырхарҭа хадас иҳамоу – Шәара изныкымкәа иазгәашәҭахьоу – аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчара еиқәҳархеит. Акыр шықәса раахыс имҩаҧысуа аусмҩаҧгатәқәа ауаажәларратә еиҿкаарақәа, аексперттә хеилакқәа рҟынӡа ирҭбаауп.

Баҭал Кобахьиа: Ҳара ҳзы акраҵанакуеит ас еиҧш иҟоу аусмҩаҧгатәқәа ҳахьрылахәу, избанзар Урыстәылеи адунеи зегьи рҟны иҟоу-иану еилаҳкаар ҳалшоит. Ари жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа жәпакы злахәыз форумын. Ҳара ЮНЕСКО ҧасатәи аиҳабы Ирина Бокова ҳлацәажәартә аҭагылазаашьа ҳаман. Ҳалацәажәеит бџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара инамаданы акультуратә ҭынха иазкны аилацәажәарақәа актуалра шрыҵоу. Уи азы аӡбахә шьҭыхын Шьамтәыла имҩаҧысуа аибашьра акультуратә ҭынха иазнауа анырра, уи азҵаара аӡбашьа ҳара иҳашьашәалар ауа иамуа ҳалацәажәон. Асоветшьҭахьтәи аҵакырадгьыл аҟны иӡбам апроблемақәа жәпакы ыҟоуп. Ҷыдала иааугозар, ҳара ҳҟни Урыстәылатәи Афедерациеи аибашьрақәа, аиҿагыларақәа ыҟан, акультуратә ҭынха артефактқәа изакәанымкәа реиҭаҵра аҭыҧ аман, уи ҳасаб азура шалшо еилаҳкаауан. Убри азҵаара инамаданы угәы иамыхәашаз аицәажәара ҳаман, избанзар Византиатәи аамҭа иазку Ермитаж иҟоу есымшатәи ацәыргақәҵаҟны Аҧсназы аҵак ду змоу артефактқәа ҧшаан, урҭ абаа Ҳашҧсы иатәуп, 1-2 ашәышықәсақәеи 6-7 ашәышықәсақәеи ирыбжьаркыз аамҭахь иаҵанакуеит. Уи азы ҳара Ермитаж ахь ашәҟәы наҳашьҭит. Сырҧылеит Ермитаж аусзуҩцәа, иҟоу аҭагылазаашьа рызназгеит. Нас аиҳабы иахьгьы ашәҟәы ҳҩит. Уажәы уи иҭак ҳазыҧшуп. Аҭоурыхтә коллекциа ҳаур азы азыҳәарагьы наҳашьҭит.

Амузеи дуқәа зегьы хазы игоу ауааҧсыра рҟны аколлекциақәа аархәоит, аха урҭ шьақәырҕәҕәазароуп. Уи инадҳәаланы ҳара ЮНЕСКО ахаҭарнакцәа ҳрыҿцәажеит. Уажәазы аҧшьгамҭак сымоуп, асоветшьҭахьтәи аҵакырадгьыл аҟны зынагӡара сылшап ҳәа сгәы иаанаго – азеиҧш ҳәынҭқарра аныҟаз иеиҭаҵыз акультуратә малқәа рышәҟәынҵа аҧҵареи аибашьраани уи ашьҭахьи иеиҭаҵыз акультуратә малқәа рышәҟәынҵа аҧҵареи.

Ҳара ҳуажәларраҿы изларҳәо ала, акультуратә малқәа реиҭаҵра зыхҟьаз аибашьра мацароуп. Аха уи ус шакәым агәра шәсыргар сҭахуп. Избанзар Ҳашҧсы иаҵанакуа артефактқәа 2001 шықәсазоуп ианаархәа. Ҳара еилаҳкаароуп зхатәраҿы иҟаз ауаҩы инапаҿы урҭ злананагаз. Уи ашьҭахь иаҭаху аусқәа нап рҳаркуеит. Сгәанала, ари аус аҿы Акультура аминистрреи аполитикатә усбарҭақәеи еимадазароуп. Уи ахҭыс аҧшааҩ еиқәаҵәақәа ирыдҳәалазар ауеит. 1980-тәи ашықәсқәа раан Ҳашҧсы акәша-мыкәша ажрақәа мҩаҧысуан, усҟан шьоукы рнапахьы инанагазар ауеит. Еилкаан Ҳашҧсы аҳәырҧсаррахь иаҵанакуа археологиатә еилазаара ааха ҕәҕәа шаҭаз уи аамҭазы.

Азинхьчаратә усбарҭақәа рхатә усҭҵаара мҩаҧыргароуп арҭ рҩызцәа афактқәа реилкааразы, ҳара ҳҿы иҟоу изакәаным аикәыршарагьы убрахь иналаҵаны.

Ҳганахьала иаҧшьаҳгап ҳәа ҳгәы иҭоуп акультуратә малқәа ралагалареи ралгареи рзы азакәан адкылара. Уи акраҵанакуеит. Аурыси аҧсуеи специалистцәа археологиатә жрақәа еицымҩаҧыргоит, иҟоуп анҭыҵ ареставрациа ззутәу амаҭәарқәа. Урҭ Аҧсны ралгаразы уажәшьҭа иҷыдоу ақәиҭтәра аҭахуп.

 

Апарламент ҧасатәи ааҧхьара ишьақәдыргылаз арҽеирақәа уажәтәи Апарламент иаднакылап ҳәа агәыҕра  ҳамоуп. Урҭ аус рыдулан аҳәынҭқарратә сиа асистематизациа азуразы, избанзар 2018 шықәса анҵәамҭазы хәызмоу аобиект ҷыдақәа аҳәаа рахыгара хыдҵас иҳамоуп. Иахьатәи аамҭазы урыстәылатәи аспециалистцәеи ҳареи ареставрациа иадҳәаланы аусеицура ҳаҿуп. Иеиуеиҧшым ареставрациатә фондқәеи ҳареи аиқәшаҳаҭрақәа ҳабжьоуп, еиҳараӡакгьы, аинвентар ахәшьара знапы алаку аусбарҭақәа. Аҳәынҭқарратә дачақәа зегьы ринвентаризациа мҩаҧаҳгароуп, уи азы аспециалистцәа ҳамаӡам.

Абарҭ аӡҵаарақәа зегьы рылацәажәареи рыӡбареи алшоит ҳахьыҟаз аиҿкааратә ҭыҧқәа рҩызцәа рҟны. Ас еиҧш аусмҩаҧгатәқәа рахь лассы-лассы ҳаарыҧхьо иалагеит, аха урҭ зегьы ҳарҭааразы ҳбиуџьет алшара ҳнаҭом.

Акультура аминистрра иеиҿнакааз акомиссиа алҵшәақәа рыла иуҳәар ҟалоит аҵыхәтәантәи 23 шықәса рзы Аҧсныҟа зыхә ҳараку артефактқәа шаламлац. Аха убри аамҭазы иуникалтәу аматериалқәа ҧшаауп ҳәа адыррақәа маҷымкәа еснагь иуаҳауеит. Убри азы асинхронизациа ҟаҳҵар ҳҭахуп, Амузеитә малқәа рыҳасаббареи рыҵәахреи азы Аҧҟарахь аиҭакрақәа  алаҳгалароуп.

Рауль Ҳаџьымба: Аҧсны ахаҭа иартефакт дууп. Ҳара иҳамоуп акрызҵазкуа аҭоурых-архитектуратә баҟақәа рацәаны. Урҭ хьчаны ҳаҧхьа игыло абиҧарақәа ирызнаҳгароуп. Шәара иазгәашәҭеит зыҳасаб бам абаҟақәа рацәаны ишыҟоу, иеиуеиҧшым аструктуратә еиҵашарақәа ишрыҵаркуа.

Урҭ 1920-1930-тәи ашықәсқәа ирыдҳәалоуп, ҷыдала иааугозар, аҳәынҭқарратә дачақәеи ирыҩноу аус зыдулам аматериал рацәеи. Ас еиҧш иҟоу амаҭәарқәа рыҳасаб ҳамбар ирыцҳара духоит ҳара ҳзы.

Апарламент ахь инагатәу аматериалқәа ртәы уҳәозар, урҭ рус хымҧада ирццактәуп.

Ҳара апроблемақәа жәпакы ҳрылацәажәоит, аха иҳамоу афинанстә ҭагылазаашьа урҭ рыӡбара анҳалнамыршо, изқәаҳкуа анаҳзынамыгӡо ыҟоуп. Аха иҷыдоу аусмҩаҧгатәқәа ртәы даҽакуп. Ҳара акыраамҭа ҳалацәажәон Симон Кананит иуахәама ахьчара азҵаара, аха иахьа уажәраанӡа ҟаҵа ыҟаӡам. Даҽазныкгьы аҳәара ҟасҵоит ари аус азҿлымҳара ашәҭарц. Уи ауахәама еилаҳар алшоит. Уи ҟамларц азы иазҧхьагәаҳҭаз аусурақәа зегьы нагӡатәуп.

Ҳара ҳаимадарақәеи ҳалшарақәеи ҳрылацәажәоит, аха ари аҩыза  абаҟа анаҳзеиқәмырха, урыстәылатәи аума, жәларбжьаратәи аума, иарбанзаалак аилазаара ҳәа акгьы ҳахәаӡом. Абри ҳасаб азыжәурц аҳәара ҟасҵоит.

Ҳәарада, уаанӡеиҧш, зҿлымҳара ду амоуп ҳмилаҭтә культура, убри аҟнытә аимдаратә коллективтә рҿиаратә гастрольқәа ирыцҵахоит.

Ҳаргьы ауснагӡатә ҿыц ҳаҧхьа иқәгылеит, уи ҳазҭало ашықәс азы аус адулара ҳалагоит. Иахьа ажәалагала ҟаҳҵеит Аҧсны ацәыргақәҵазы аколлекциа дуқәа аднакыларц азы. Арахь иаҵанакуеит иахьатәи аҟазацәа русумҭақәа рыдагьы, Урыстәыла амузеиқәа рыҟны иҵәаху асахьаҭыхҩцәа дуқәа русумҭақәагьы. Хымҧада, аҳазалхратә зҵаарақәа инарымаданы ашәараҭара азҵаара аганахьала аусура мҩаҧаҳагароуп. Хәызмоу акультуратә аҧҵамҭақәа аҳәаа рахыгара хьанҭоуп иагьыуадаҩуп, аха ҳара ҳзы XIX ашә.-еи XX ашә. алагамҭеи ирыҵанакуа асахьаҭыхҩцәа дуқәа рырбара акраҵанакуеит аҟнытә ари аус адаҳулалоит.

Иҳәатәуп иара убас, афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны Шервашиӡе иусумҭа ахьыҵәаху Аҳәынҭқарратә атеатртә музеи аҭаара ҳшахьӡаз. Жәабранмзазы ара Шервашиӡе ииубилеи мҩаҧысраны излаҟоу ала, ҳаицәажәеит амузеи аҟны 2018 шықәсазы аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара ҳшалаго азы. Дара ргәы азгәдууп Араӡын шәышықәса аурыс культураҟны хазы игылоу асахьаҭыхҩы дахьыҟоу.

Иааизакны, ҳара ҳцара хәарҭара аманы имҩаҧысит, ҳҳәар ҟалоит. Ҳара ҳзы акраанагоит адунеи зегьы аҟнытә иааз ахаҭарнакцәа акультура уаҵәтәи аҧеиҧш иахьалацәажәо аҭыҧ аҟны ҳахьыҟаз.

Рауль Ҳаџьымба: Даара ибзиоуп. Сгәы иаанагоит, уажәы аизҳара иалагаз аимадарақәа иҵегьы иҕәҕәахоит ҳәа. Ибзиахоит адәныҟатәи ахырхарҭа мацара акәымкәа, Аҧсны аҩныҵҟагьы иҟоу апроцессқәагьы ӡбахалар.

Ҳара ҳкультурагьы аизҳара иаиуз, аимадара ҿыцқәа рышьақәыргылара ҳахьынӡазыхиоу ҳзырбо акәны иҟалоит шықәсыла иӡбаӡамкәа, иеиқәыло иаауа апроблемақәа иахьагьы иӡбамкәа иахьыҟоу. Иаамҭоуп шьҭа урҭгьы рыӡбара.


Возврат к списку