Ахада «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара анашьаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит

Абҵарамза 20 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Наталиа Мархолиа «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара ланашьаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.

Аусҧҟаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:

«Гәдоуҭа араион ауаажәларра-политикатә ҧсҭазаараҟны активла дахьалахәу азы Наталиа Таҷ-иҧҳа Мархолиа «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара ланашьазааит».


Возврат к списку