Ахада Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 20 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аусмҩаҧгатәқәа ирылахәыз дырҧылеит

Ахада Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 20 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аусмҩаҧгатәқәа ирылахәыз дырҧылеит

Жьҭаарамза 31 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 20 шықәса ахыҵра азгәаҭара иазку аусмҩаҧгатәқәа ирылахәыз дырҧылеит.

Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит иааз асасцәа, иазгәеиҭеит аҵарауаа рыбжьара аимадара аиқәырхареи арҿиареи ирымоу аҵакы.

Аҳәыҭқарра ахада иазгәеиҭит Аҧсны ауаажәларра иахьа атәылаҟны ауадаҩрақәа шыҟоугьы, аҿыц адкылара ишазхиоу, аҭҵаарадырра арҿиара хадара змоу ахырхарҭақәа ируакны ишыҟоу.

Рауль Ҳаџьымба иаҵшьны иҳәеит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аусзуҩцәа аҳәынҭқарра ашьақәгылараҟны ароль ду шынарыгӡоз. Уажәы урҭ атәыла аизҳазыҕьара иазку русура иацырҵоит аҿиаразы аҭагылазашьа аҧҵо.

Ахада иҳәеит Аҭҵаарадыррақәа ракадемиаҟны аекономика аинститут аҧҵаразы аӡбамҭа шрыдыркылахьаз. Урҭ иаздырхиаз ажәалагалақәа Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент ахь инашьҭхоит ахәаҧшразы.

Аныҳәатә усмҩаҧгатә иалахәыз Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит иҟаиҵаз адкыларазы.

Ч.Е. Ахриев ихьӡ зху Ингушетиатәи Агуманитартә ҭҵаарадыррақәа рыҭҵаарадырратә институт Аиҳабы, афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор Нина Барахоева иазгәалҭеит аусмҩаҧгатә аиҿкаара бзиа атәы, Ахада иҭабуп ҳәа иалҳәеит асасдкыларазы.

«Ҳара иаҳбоит Шәара аҭҵаарадырра шәшазыҟоу, аҳәынҭқарраҿы ианнакыло аҭыҧ хада еилкаарала шәшазнеиуа. Ари ҳара ҳзы акраҵанакуеит», - лҳәеит лара.

Аҵарауаа ирҳәеит аҭҵаарадырратә центрқәа рыбжьара аизыҟазаашьқәа аҧхьаҟагьы ишыҕәҕәахо, аҿиара шроуа.

Абаза-аҧсуа етнос аҿиара ацхрааразы жәларбжьаратәи аидгылара «Алашара» Ахада атехникатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, апрофессор, Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәҩы Мусса Екзеков иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа аҵарауаа имҩаҧыргаз аусуразы, асасцәа - аусеицуразы. Уи иаҵшьны иҳәеит аҭҵаарадырра абзоурала аҳәынҭқарра аҩаӡара ҿыц ахь ахагалара шалшо. ,

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа Апрезидент, афольклорист-кавказҭҵааҩы, аепосҭҵааҩ, кавказтәи афольклористика иналукааша аспециалист, УАР афилологиатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, академик, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университет апрофессор Зураб Џьопуа аныҳәатә усмҩаҧгатә иалахәыз асасцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Уи иҳәеит аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа рыҩныҵҟа Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиеи Урыстәылатәи Афедерациа ареспубликақәа рыҭҵаарадырратә институтқәеи аусеицуразы аиқәшаҳаҭрақәа шрыбжьарҵаз.

Аҭҵаарадырреи, акультуреи рзы Аҧсны Ахада Иабжьгаҩ Владимир Занҭариа иазгәеиҭеит еиуеиҧшым азҵаарақәа ирызкыз адискуссиақәа анымҩаҧысуаз аидеиақәеи агәаанагарақәеи реимдара шыҟалаз. Иҳәеит еицымҩаҧгахо аҭҵаарақәа шхацыркхо.

«Гәахәароуп Урыстәылатәи Афедерациаҟнытә иналукааша аҭҵаарадырра аҳаҭарнакцәа ахьаҳзааз», - иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарра ахада аҵарауаа иҭабуп ҳәа иарҳәеит аиҧыларахь иааҧхьаз, иранеиёшьеит агәалашәаратә ҳамҭақәа.

«Арҭ аизыҟазаашьақәа еиқәҳархароуп, еихаҳҳалароуп», - абас ихиркәшеит Ахада иажәа.  


Возврат к списку