Ахада Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа 20 шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәатә еилатәараҟны иқәгылара

Ахада Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа 20 шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәатә еилатәараҟны иқәгылара

Жьҭаарамза 30 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа ракадемиа 20 шықәса ахыҵра инамаданы аныҳәатә еилатәараҟны ажәахә ҟаиҵеит.

Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, ҳҵарауаа, ҳакадемикцәа, ҳапрофессорцәа!

Ҳаҭыр зқәу ҳинтеллигенциа, ҳасасцәа!

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа 20 шықәса ахыҵра– иналукааша хҭысуп ихьыҧшым ҳара ҳҳәынҭқарра аҿиареи, ашьақәгылареи рҭоурых аҿы.

Амилаҭтә ҭҵаарадырра аизҳара, уи амҽхак аҭбаахара– ари аҳәынҭқарра аҿиашьа, иара аҩаӡара, ҳаҿиарамҩа иацу апроблемақәа еилыхха иаҳзырбо саркьоуп.

Аҧсны иалҵыз, жәашықәсала баҩхатәрала ҳаҭҵаарадырра амаҵ азызуа ҳҵарауаа жәпаҩык ирылшеит ҳтәыла ахьӡ аҭыгара. Урҭ рфундаменталтә усумҭақәа – егьырҭ аҳәынҭқаррақәа рыҿгьы ибзианы ирдыруеит.

Агуманитартә, афизика-математикатә, аҧсабараҭҵааратә, амедицинатә, атехникатә уҳәа еиуеиҧшым егьырҭ ахырхарҭақәа рҿы ҳҵарауаа рексперттә гәаанагара ҳаҭыр ақәуп.

Аҧсны Аҳәынҭқарра ахырхарҭа хадақәа ируакны иҟан, ус иагьаанхоит ҳаҭҵаардырра – ҳтәыла асоциалтә-економикатә бзазара ианаҭо анырра иҵегь арыҕәҕәара.

Убри аганахьала, Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа иалшо зегьы ҟанаҵароуп амилаҭтә ҭҵаарадырра иаҵагылоу абиҧарақәа зегьы реимадара арҭбааразын. Уаҩы игәы иахәартә иҟоуп, зыхьӡ нагоу ҳҵарауаа аҕьараҳәа иахьрыҵагылаз зхатә хәыцшьеи, зхатә знеишьақәеи змоу аҿар.

Гәадурала иазгәаҳҭоит иахьа – Ҳмилаҭтә Академиа ахыҵхырҭаҿы дышгылаз Аҧсны Аҳәынҭқарра ашьаҭаркҩы, академик Владислав Арӡынба. Уи дыруаӡәкуп аҳәынҭқарра ҭҵаарадыррада аҿиара шзалымшо азы агәрагара ду змаз ҳнапхгаҩцәа, ҳҵарауаа.

Иазгәаҭатәуп, иахьа шьҭа ишмаҷҩым алингвистикеи, аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи, адемографиеи рышҟа зхы кыду аспециалистцәа. Рыҭҵаарадырратә лшарақәа дырҭбаауеит Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҧсуаҭҵааратә институти Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети. Урҭ русеицура амҽхак иҵегь иҭбаахароуп.

Аҧсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа ароль ҧхьаҟа иаҳагьы иҕәҕәахоит аҧсуа бызшәа аҳаҭыр ашьҭыхраҿы, уи аҳәынҭқарратә статус, афункционалтә лшарақәа рырҭбаараҿы.

Ҳмилаҭтә Академиа аиубилеи – ари, ҳәарас иаҭахузеи, ҳауаажәлар зегьы ирзеиҧшу ныҳәамшуп. Убри аҟнытә, гәык-ҧсыкала, ишәыдысныҳәаларц сҭахуп ҳауаажәлар зегьи, зҭоурыхтә роль акырӡа иҳараку ҳинтеллигенциеи – ари ахҭыс ду!

Ишәзеиҕьасшьоит агәамч ҕәҕәа, арҿиаратә гәаҳәара ду, ҧхьаҟатәи аихьӡара ҿыцқәа!


Возврат к списку