30.10.2017
Жьҭаарамза 30 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба ХХ ашә. 30-40 аш. аполитикатә репрессиа иалаӡыз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Ари аусмҩаҧгатә иалахәын иара убас Ахада ихаҭыҧуаҩ Витали Габниа, Аҧсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Аҧыза-министр Беслан Барцыц, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, Апарламент адепутатцәа, аполитикатәи ауаажәларратәи еиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа.