28.10.2017
Жьҭаарамза 24 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Ақаҩба Уасил «Аҧсны Аҳәыҭқарра акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы Аусҧҟа инапы аҵаиҩит.
Аусҧҟаҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
«Шықәсырацәалатәи аусуреи, ахореографиатә ҟазара арҿиараҿы илагаламҭеи аҧсуа культура аларҵәареи рзы Ақаҩба Уасил Григори-иҧа «Аҧсны Аҳәыҭқарра акультура зҽаҧсазтәыз аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵазааит».