Цәыббрамза 27, Аҟәа Ахақәиҭтәра амш азы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Ахьӡ-Аԥша апарк аҟны Иҭахаз аибашьцәа рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.
Ашәҭшьҭаҵара ацеремониа иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа, Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Валери Кәарҷиа, Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Даур Аршба, Апарламент адепутатцәа, Аиҳабыра аусзуҩцәа.