25.09.2017

Цәыббрамза 25 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Очамчыра араион Баслахә ақыҭан иеиҭашьақәыргылоу абжьаратә школ аартра далахәын.

Ахада Баслахә ақыҭауааи ашкол арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи аԥсшәа реиҳәеит.

«Иаҭаху зегь ҟаҵоуп ҳәа ҳазҳәом. Макьана аӡбара зҭаху азҵаарақәа рацәоуп. Аха, агәра шәсыргоит, ашкол хылаԥшрада ишаанымхо. Ара аргыларатә усурақәа мҩаԥган араион иалшаз афинанстә цхыраара иабзоураны.

Ҳаԥхьа ишьҭоу анагӡатәқәа маҷым. Аха иахьазы ахәыҷқәа рышкол аҿы ишақәнагоу еиԥш аҵара рылшартә аҭагылазаашьақәа рзаԥҵоуп.

Шәара ҳҳәынҭқарра ԥхьаҟатәи аԥеиԥш зхьыԥшу аҵеира шәоуп. Аҵара бзианы ишәҵала. Аманшәалареи агәабзиареи шәзеиӷьасшьоит», - иҳәеит Ахада ашкол аартра ацеремониаҟны иқәгылараан.

Ашкол адиректор Асида Ԥачлиа иазгәалҭеит раԥхьатәи аҵарамш азы ахәыҷқәа ргәалаҟара шыбзиаз, иеиҭашьақәыргылоу акласстә уадақәа игәырӷьаҵәа ишрыҩналаз. Иара убасгьы Аҳәынҭқарра Ахадеи Очамыра араион ахадареи иҟарҵо адгыларазы иҭабуп ҳәа ралҳәеит.