Ахада Ҟабарда-Балкариа имҩаҧысуа аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа дрылахәын

Ахада Ҟабарда-Балкариа имҩаҧысуа аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа дрылахәын

Цәыббрамза 8 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада Иури Коков дицны Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликаҟны Аҳәынҭқарра амши Ҟабарда-Балкариеи Урыстәылеи рыжәларқәа ракра 460 шықәса ахыҵреи разгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа дрылахәын.

Рауль Ҳаџьымба «Аибашьра ахьӡ-аҧша змоу ақалақь” астела аҿаҧхьа аныҳәатә ҟазшьа аҭаны имҩаҧысуаз аррамаҵзура ахыҧхьаӡалара иазкыз аусмҩаҧгатә иара убас Ҟабарда-Балкаритаәи Ареспублика Аиҳабыра рыҩнаҟны Урыстәылатәи Афедерациеи Ҟабарда-Балкариатәи Ареспубликеи рыҟнытә аҳәынҭқарратә ҳамҭақәа рыҭареи иазкыз аусмҩаҧгатәи дырҭааит.

Ахада иара убас далахәын 400 шықәсахыҵра ашҭаҿы игылоу абаҟа амҵан ашәҭшьҭаҵара иазкыз аусмҩаҧгатә.

Рауль Ҳаџьымба даҭан Аҧсны ашҭаҿы имҩаҧысыз Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика амилаҭтә культуратә центрқәа злахәыз Афестиваль "Амилаҭтә палитра". Афестиваль аҟны ицәырган Ҟабарда-Балкараитәи Ареспублика Акультура афонд амилаҭтә культуратә центр “Аҧсны”. Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Алада Уаҧстәыла Ахадеи Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахадеи дрыцны даҭааит аультуратә центр “Аҧсны” апавилион.

Ахада иара убас Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Аиҳабыра рыҩнаҟны имҩаҧысыз аныҳәатә еилатәара далахәын. 

8.jpg


Возврат к списку