Ахада Алеко Гәарамиа диҧылеит

Цәыббрамза 7 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аректор, апрофессор, афизика-математикатә ҭҵаарадыррақәа рдоктор, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи Адыгеатәи жәларбжьаратәи аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи ракадемик Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа диԥылеит.

Алеко Алықьса-иԥа Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырреи аҵараиуеи рыҟны илагала ду азгәаҭо, Ахада иҳәеит ари аҵарауаҩ Аԥсны адагьы, адунеи ахьынӡанаӡааӡо ихьӡ шнаҩхьоу. Рауль Ҳаџьымба иажәақәа рыла, ажәларқәа зегьы дрымам ас еиԥш иззыгәдуу ауаҩы аспециалист ду.

«Акыр шықәса инеиԥынкыланы напхгара ззыжәуа ҳуниверситет иаунашьҭуеит ззанааҭ иазҟазоу, иеиуеиԥшым аҭҵаарадыррақәа знапы рылаку аспециалистцәа бзиақәа – ари ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит», - иҳәеит Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Алықьса-иԥа аҧхьаҟагьы акыр шықәса Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет напхгара азиулоит ҳәа игәы ишаанаго.

«Ауниверситети Шәара хаҭалеи шәаԥхьа ишьҭоу аусқәа рацәоуп. Ҳара ҳҳәынҭқарра ҵәатәы шьаҟаны иаҵагылараны иҟоу аҿар аҵара дырҵареи, рааӡареи аус знапы иану зегьы зегьы рзы иаҳуалуп аҭагылазаашьақәа, алшарақәа раҧҵара», - иҳәеит, иацҵо, Ахада.

Рауль Ҳаџьымба иазгәеиҭеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аушьҭымҭацәа рҵара ишацырҵо аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа рыҟны, алҵшәа бзиақәагьы шаадырԥшуа.

Аҳәынҭқарра Ахада ААУ аректор имшира идныҳәало, изеиӷьеишьеит агәамч ӷәӷәа, имариам иус аҟны ақәҿиара дуқәа, ақәранҵыра ду.

Алеко Гәарамиа Ахада дахьидикылази дахьидныҳәалази рзы иҭабуп ҳәа иеиҳәеит.

Иара иазгәеиҭеит ауниверситет азы иуадаҩыз аамҭақәа шыҟаз, иагьиҳәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет ишацхрааз Урыстәыла, Нхыҵ Кавказ, егьырҭ аҳәаанырцәтәи аҳәынҭқаррақәа иреиҳаӡоу рҵараиурҭақәа.

«Иахьа ҿыӷәӷәала исҳәар сылшоит ҳуниверситет аԥеиԥш шәарҭара шамам. Избанзар уажәшьҭа зегьы ҳара ҳнапы иакуп», - иҳәеит академик. Иахьа ААУ Урыстәыла иреиҳаӡоу аҵараиурҭақәа жәпакы иреиӷьымзар, ишреицәам.

«Ҳара иҳалшеит СССР-и Урыстәылеи традициа бзиақәас ирымаз еиқәырханы, ҳдунеихәаԥшра, ҳаԥсуа ҵасқәакгьы алагаланы ҳуниверситет арҵара-ааӡаратә процесс аиҿкаара. Ииашаҵәҟьаны, аҵара зҵар зҭаху аҿар адырра ҳаракқәа роурц азы аҭагылазаашьақәа рзаҧҵоуп», - иҳәеит ААУ аректор.

Алеко Гәарамиа Ахада изеиӷьеишьеит имариам иус аҿы ачҳареи инапы злаку аус аҿы аихьӡарақәеи.

Ахада Алеко Алықьса-иԥа Гәарамиа «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭҵаарадырра зҽаԥсазтәыз аусзуҩ» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит, агәаларшәагатә ҳамҭақәа ииҭеит.

3.jpg

5.jpg


Возврат к списку