04.09.2018
Башар Асад Рауль Ҳаџьымба Омеиадаа рорден ианеишьеит
Цәыббрамза 4 рзы Шьамтəылатəи Арабтə Республика Ахада Башар Асад Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иреиҳаӡоу шьамтәылатәи аҳамҭа - Омеиадаа рорден ианеишьеит.
04.09.2018
Рауль Ҳаџьымбеи Башар Асади реиҧылара
Цəыббрамза 4 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымбеи Шьамтəылатəи Арабтə Республика Ахада Башар Асади реиҧылара мҩаҧысит.
04.09.2018
Ахада Шьамтәылатәи Арабтә Республикаҟны иҧылара иазку аофициалтә церемониа
Цәыббрамза 4 рзы Жәлар рхан аҿаҧхьа ашҭаҿы имҩаҧысит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба иҧылара иазкыз аофициалтә церемониа.
04.09.2018
Ахада официалтə визитла Шьамтəылатəи Арабтə Республика даҭааит
Цəыббрамза 4 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба официалтə визитла Шьамтəылатəи Арабтə Республика даҭааит.
03.09.2018
Ахада Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҧсны аҳәынҭқарратә еилакы Ахантәаҩы дидикылеит
Цәыббрамза 3 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Аҳәынҭқарратә бызшәатә политиказы Аҧсны аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Баҭал Хагәышь.
03.09.2018
Ахада идикылеит Дмитри Иудини Урыстəыла Афедералтə шəарҭадара амаҵзура аҳəаахьчаратə усбарҭа аамҭала аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Алексеи Трубецкоии.
Цəыббрамза 3 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба идикылеит аинрал-маиор Дмитри Иудин, Урыстəыла Афедералтə шəарҭадаратə маҵзура аҳəаахьчаратə усбарҭа аиҳабы инапынҵақəа Аҧсны рынагӡара хзыркəшахаз, иара убас аамҭала Аҳəаахьчаратə усбарҭа аиҳабы инапынҵақəа назыгӡо Алексеи Трубецкоии.
02.09.2018
Вадим Красносельски Ареспублика Амш идныҳәалара
Цәыббрамза 2 рзы Аҧсны аҳәынҭқарра Ахада Рауль Хаџьымба адныҳәалара шәҟәы ишьҭит Приднестровиатәи Молдавиатәи Ареспублика Амш азгәаҭара инамаданы.
01.09.2018
Никарагуа Ареспублика ҳтәыла Ахьыҧшымра азханаҵеижьҭеи жәашықәса аҵра инамаданы Никарагуа Ахада Даниель Ортего ишҟа ааҧхьара
Цәыббрамза 1 азы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Никарагуа Ареспублика ҳтәыла Ахьыҧшымра азханаҵеижьҭеи жәашықәса аҵра инамаданы Никарагуа Ахада Даниель Ортего ааҧхьара изишьҭит.
01.09.2018
Аҧсны Ахада Адырра амш азы адныҳәалара ҟаиҵеит
Цәыббрамза 1 азы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи Адырра амш рыдиныҳәалеит.
31.08.2018
Бако Саакиан идныҳәалара
Нанҳəамза 30 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Арцах Ареспублика Ахада Бако Саакиан дидныҳәалеит.
31.08.2018
Ахада Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр дидикылеит
Нанҳəамза 31 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҵареи аҭҵаарадырреи рминистр Адгəыр Какоба дызлахәыз аусуратə еиҧылара мҩаҧигеит.
30.08.2018
Рустам Минниханов идныҳәалара
Нанҳəамза 30 рзы Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Ҭаҭарсҭан Ареспублика Ахада Рустам Минниханов дидныҳәалеит.
30.08.2018
Ашықәсбжа аихшьаалақәа ирызку Ахада ипрессконференциа
Нанҳəамза 30 рзы имҩаҧысит ашықəсбжа аихшьалақәа ирызкыз Аҧсны Аҳəынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигаз апресс-конференциа.
26.08.2018
Аҧсны Ахада Арцах Ареспублика аделегациа идикылеит
Нанҳәамза 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба идикылеит Арцах Ареспублика аҟынтә аделегациа.
26.08.2018
Ахада Леонид Калашников дидикылеит
Нанҳәамза 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Ихьыҧшым Аҳәынҭқкаррақәа Реиҩызара аусқәа рзы, евразиатәи аинтеграциеи, аџьынџьуаа реимадарақәа рзы Аҳәынҭқарратә Дума Аилак Ахантәаҩы Леонид Калашников дидикылеит.
</p>
<p>
26.08.2018
Ахада Сергеи Бабурин дидикылеит
Нанҳәамза 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума актәи, аҩбатәи, аҧшьбатәи ааҧхьара адепутат Сергеи Бабурин дидикылеит.
26.08.2018
Ахада Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Ольга Тимофеева дидикылеит
Нанҳәамза 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы ихаҭыҧуаҩ Ольга Тимофеева дидикылеит.
26.08.2018
Владимир Путин Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра 10 шықәса ахыҵра амш идиныҳәалеит
Нанҳәамза 26 рзы Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба идиныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра 10 шықәса ахыҵра амш.
26.08.2018
Ахада «Азхаҵара аныҳәа» захьӡу афотосахьақәа рцәыргақәҵа даҭааит
Нанҳәамза 26 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра азхаҵара 10 шықәса ахыҵра иазкыз «Азхаҵара аныҳәа» захьӡу Ибрагим Ҷкадуеи Владимир Попови рфотосахьақәа рцәыргақәҵа даҭааит.
26.08.2018
Ахада раионцыҧхьаӡаҟнытә Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра азхаҵара 10 шықәса ахыҵра ианамаданы апавилионқәа раартра даҭааит
Нанҳәамза 26 рзы аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахьыҧшымра азхаҵара 10 шықәса ахыҵра ианамаданы раионцыҧхьаӡаҟнытә апавилионқәа раартра даҭааит.