24.07.2017
Ҧхынгәымза 23 рзы Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны жәлар Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш рыдиныҳәалеит.
***
Акыр иаҧсоу сыуаажәлар!
Гәык-ҧсык ала Аҧсны Аҳәынҭқарра иқәынхо ауааҧсыра ирыдысныҳәалоит Аҳәынҭқарратә бираҟ Амш!
Ҧхынгәымза 23, 1992ш. рзы Владислав Арӡынба напхгара зиҭоз Аҧсны Иреиҳаӡоу Асовет ҳтәыла асимволика шьақәдырҕәҕәеит – Аҧсны Аҳәынҭқарратә бираҟи Аҳәынҭқарратә герби. Ҳҳәынҭқарра иҿыцӡоу аҭоурых азы ари ахҭыс аҵак дуӡӡа аман.
Иахьатәи аныҳәа ҳтәыла асуверенитет шаҳаҭра азнауеит, ҳмилаҭи егьырҭ ҳтәыла иқәынхо ажәларқәа рхаҭарнакцәеи еиднакылоит, аҧсуаа ҳхаҿреи ҳдоуҳаи аанарҧшуеит, иаҳхысхьоу аамҭа хьӡырҳәагеи, иахьатәи ҳамши, уаҵәтәи ҳҧеиҧши символра рызнауеит.
Ҳаҭырла ҳҳәынҭқарратә символика азныҟәара – уи зыҧсадгьыл ақәынхаразы азин шьала иазықәҧаны иаҳзаазгаз ҳазхылҵыз ҳабиҧарақәа рпатуқәҵароуп иаанаго.
Ари амш азы Аҧсны иқәынхо ауааҧсыра ирзеиҕьасшьар сҭахуп агәабзиара, анасыҧ, аҭынчра, аизҳазыҕьара, иеиҵагыло абиҧарақәа – ҳҳәынҭқарра асимвол иазгәыдуны, ҳаҭырқәҵара дула иныҟәырго!