18.04.2016
АШӘМ Ахантәаҩы Зураб Маан иҧылара
Аҧсны Ахада дидикылеит Аҳәынҭқарра Ашәарҭадаратә Маҵзура Ахантәаҩы Зураб Маан.
18.04.2016
Аҧыза-министр Артур Амқәаб Иҧылара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит аҧыза-министр Артур Амқәаб.
Аҧыза-министр аҳәынҭқарра Ахада иҟынӡа инеигеит Аҧсны аделегациа злахәыз II Иалтатәи жәларбжьаратәи аекономикатә форум аихшьалақәа ртәы.
18.04.2016
Гәули Кьычбеи Гәыгәыца Џьыкырбеи рҧылара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба идикылеит Ареспубликатә еиҿкаара «Аҧсны Анацәа аҭынчреи асоциалтә қәнагеи» анапхгаҩы Гәули Кьычбеи С.П.Дбар ихьӡ зху Аҧсны жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра Аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Гәыгәыца Џьыкырбеи.
15.04.2016
Иури Латариа ианашьоуп «Ахьӡ-аҧша» аорден III аҩаӡара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала Иури Спиридон-иҧа Латариа шықәсырацәалатәи лыҵшәабзиала иусуразы, ауаажәларра-политикатә ҧсҭазаара активла иалахәразы ианашьоуп «Ахьӡ-Аҧша» аорден III аҩаӡара.
15.04.2016
Апрокуратура аусбарҭақәа русзуҩцәа рыдныҳәалара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба апрокуратура аусзуҩцәа ирыдиныҳәалеит рзанааҭтә ныҳәа - Апрокуратура аусзуҩцәа рымши Аҧсны аҳәынҭқарра Апрокуратура хада аҧҵара амши.
14.04.2016
Ашәахтә усбарҭақәа русзуҩцәа рымш рыдныҳәалара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра ашәахтә усбарҭақәа русзуҩцәа ирыдиныҳәалеит Ашәахтә усбарҭақәа русзуҩцәа рымш.
14.04.2016
Руслан Қапба Имшира идныҳәалара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба алитератураҭҵааҩ, арҵаҩы Руслан Қапба Имшира идиныҳәалеит.
12.04.2016
Алеқсеи Ҭаниа ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден III аҩаӡара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала Аҧсны Аҳәынҭқарраҟны акыршықәсалеи лыҵшәабзиалеи иусуразы Алеқсеи Арзамеҭ-иҧа Ҭаниа ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден III аҩаӡара
12.04.2016
Иаҧҵоуп Сергеи Дбар диижьҭеи 70-шықәсаҵра иазку аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара иазку акомиссиа
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба идҵала иаҧҵоуп иналукааша ауаажәларратә усзуҩы, Аҧсны афырхаҵа, «Ахьӡ-Аҧша» аорден I аҩаӡара занашьоу Сергеи Платон-иҧа Дбар диижьҭеи 70-шықәсаҵра иазку аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа реиҿкаареи рымҩаҧгареи ирызку акомиссиа.
09.04.2016
Урыстәыла Ахада Владимир Путин Аиааира амш идныҳәалара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин идиныҳәалеит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира агара 71-тәи ашықәсхыҵра.
Адныҳәаларатә цҳамҭаҟны лымкаала иҳәоуп:
09.04.2016
Ансамбль «Нальмэс» ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден III аҩаӡара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала Кавказ ажәларқәа ркультуреи рхореографиатә ҟазареи рырҿиареи, апропаганда рзуреи, рырҕәҕәареи рзы Адыгеиа Аҳәынҭқарратә академиатә жәлар рыкәашаратә ансамбль «Нальмэс» ианашьоуп “Ахьӡ-аҧша” аорден III аҩаӡара.
09.04.2016
Рауль Ҳаџьымба Тҟәарчал Амш иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа дрылахәуп
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Тҟәарчал ақалақь амш иазку аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа дрылахәуп.
08.04.2016
Пицундаҟа аусуратә ныҟәара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба усуратә ныҟәарала Пицунда даҭааит.
07.04.2016
ConIFA анапхгарала ашьапылампыл асразы Адунеи Ачемпионат Аҧсны амҩаҧгаразы аиҿкааратә еилакы аҧылара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба 2016 шықәсазы ConIFA анапхгарала ашьапылампыл асразы Адунеи Ачемпионат Аҧсны амҩаҧгаразы аиҿкааратә еилакы алахәылаҩцәа дырҧылеит.
07.04.2016
Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа Есышықәсатәи аизараҟны иқәгылара
Аминистрцәа реилазаара акттә зал аҟны имҩаҧысуеит Аҧсны аҭҵаарадыррақәа ракадемиа есышықәсатәи аизара.
06.04.2016
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба иҧылара
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба Адәныҟатәи аусқәа рминистр Виачеслав Чрыгба диҧылеит.
05.04.2016
Иаҧҵоуп Аҧсны аҳәынҭқарратә бызшәазы Аҳәынқарратә комиссиа
Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит Аҧсны аҳәынҭқарратә бызшәазы Аҳәынқарратә комиссиа аҧҵаразы Аусҧҟа.
05.04.2016
ААН Аныхатә Хеилак ахаҭарнакцәа рҧылара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аиашахаҵаратә Ныха (ААН) ахаҭарнакцәа дырҧылеит.
05.04.2016
Руслан Қьышьмариа Леон иорден ианашьоуп
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Иусҧҟала 1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аҧсны Жәлар рџьынџьтәылатә еибашьраан иааирҧшыз агәымшәареи ахамеигӡареи рзы Руслан Ражьден-иҧа Қьышьмариа Леон иорден ианашьоуп.
04.04.2016
Аҧсны Жәлар Реизара ашҟа Ахада иҟаиҵаз Анашьҭымҭа аихшьалақәа рыла анапынҵақәа рынагӡара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызку аилацәажәара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба аилацәажәара мҩаҧигеит Аҧсны Жәлар Реизара ашҟа Анашьҭымҭа аихшьалақәа рыла анапынҵақәа рынагӡара иадҳәалоу азҵаарақәа ирызкны.