28.06.2016
Иаҧҵоуп Баграт Шьынқәба диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа
Ахада Рауль Ҳаџьымба идҵала иаҧҵоуп Аҧсны Жәлар рпоет, «Ахьӡ-аҧша» аорден I аҩаӡара занашьоу, Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, академик Баграт Уасил-иҧа Шьынқәба диижьҭеи 100-шықәса аҵра иазку аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгаразы Аҳәынҭқарратә комиссиа.
28.06.2016
Иаҧҵоуп Иури Николаи-иҧа Воронов диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазку аусмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара иазку Аҳәынҭқарратә комиссиа.
Ахада Рауль Ҳаџьымба идҵала иаҧҵоуп иналукааша аҵарауаҩ, аҳәынҭқарратә усзуҩы, «Ахьӡ-аҧша» аорден I аҩаӡара занашьоу Иури Николаи-иҧа Воронов диижьҭеи 75-шықәса аҵра иазку аиубилеитә усмҩаҧгатәқәа рымҩаҧгара иазку Аҳәынҭқарратә комиссиа.
26.06.2016
Ахада Рауль Ҳаџьымба Абаза-ТВ аколлектив ателеканал 9-шықәса ахыҵра рыдиныҳәалеит
Ҳаҭыр зқәу ихьыҧшым раҧхьатәи аҧсуа телеканал Абаза-ТВ аусзуҩцәа, ишәыдысныҳәалоит ателеканал 9-шықәса ахыҵра.
24.06.2016
Атәанчахәы азҵаара иазкыз аилацәажәара
Ахада Рауль Ҳаџьымба имҩаҧигеит ауааҧсыра тәанчахәыла реиқәыршәара аиҿкаара иазкыз аилацәажәара.
24.06.2016
Аӡбаратә мчхара азакәанҧҵаратә актқәак аҧсахрақәа алагалоуп
Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵаиҩит "Аҧсны Аҳәынҭқарра Аӡбаратә мчхара азакәанҧҵаратә актқәак аҧсахрақәа ралагаларзы" Азакәан.
23.06.2016
“Нужнаиа газета” азы аинтервиу
Ахада Рауль Ҳаџьымба “Нужнаиа газета” аинтервиу аиҭеит.
23.06.2016
Гагратәи астадион «Динамо» аҭаара
Гагра ақалақь аҟны Д. Ахвледиани ихьӡ зху астадион «Динамо» аҿы Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә еизгатә команда амбахьчаҩ Алексеи Бондаренко официалла инапы иаиркит автомашьына Tayota Camry ацаҧха.
23.06.2016
Гагра араион аусбарҭаҟны имҩаҧысит аилацәажәара
Ахада Рауль Ҳаџьымба Гагра араион аусбарҭаҟны инарҭбааны имҩаҧысыз аилацәажәара далахәын.
22.06.2016
Руслан Аџьынџьал Имшира идныҳәалара
Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҧсны Ашьапылампыл асразы афедерациа ахада Руслан Аџьынџьал Имшира идиныҳәалеит.
20.06.2016
Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны аилацәажәара
Ахада Рауль Ҳаџьымба Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаҧысыз аилацәажәара далахәын.
17.06.2016
Гәылрыҧшь араион аҟны аусуратә еиҧылара
Ахада Рауль Ҳаџьымба Гәылрыҧшь араион даҭааит аусуратә еиҧылара амҩаҧгаразы.
17.06.2016
Ауаажәларратә палата алахәылаҩцәа рҧылара
Имҩаҧысит Ауаажәларратә палата алахәылаҩцәа рҧылара.
Ирылацәажәан ауаажәларра-политикатәи асоциалтә-економикатәи ҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа нарҭбааны.
16.06.2016
Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара
Имҩаҧысит Ахада Рауль Ҳаџьымба хантәаҩра ззиуаз ҧхынгәымза 10 ҳазҭоу ашықәсазы иазгәаҭоу ареферендум амҩаҧгаразы иаҭаху ауснагӡатәқәа ирызку Ашәарҭадара Ахеилак аилатәара.
14.06.2016
Сулиета Кусова-Чухо лҧылара
Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит Урыстәыла ажурналистцәа Реидгылаҟны АИХ-и аетнопроблематиказы Ацентр адиректор хада Сулиета Кусова-Чухо.
13.06.2016
Марина Искандер лҧылара
Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер иҧҳа.
13.06.2016
Ихыркәшоуп Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациаҟны иусуратә визит
Москва иусуратә визит аҳәаа иҭагӡаны Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владислав Суркови Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Рашид Нургалиеви дырҧылеит.
12.06.2016
Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациаҟны иусуратә визит иацҵоуп
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Москва иусуратә визит аҳәаа иҭагӡаны Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ицхырааҩ Владислав Суркови Ашәарҭадара Ахеилак Амаӡаныҟәгаҩ Рашид Нургалиеви дырҧылеит.
12.06.2016
Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аҧсны Ацҳаражәҳарҭаҟны аиҧылара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Москва усуратә визитла иҟазаара аҳәаа иҭагӡаны имҩаҧигеит аиҧыларақәа жәпакы, аиҧылара мҩаҧысит Урыстәылатәи Афедерациаҟны иҟоу Аҧсны Ацҳаражәҳарҭаҟынгьы.
12.06.2016
Конкур азы аицлабрақәа “Аҧсны акубок” аҭаара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Москва усуратә визитла иҟазаара аҳәаа иҭагӡаны Урыстәыла Ахада изку аҧхьахә агаразы аҽырыҩрақәа раартра даҭааит.
12.06.2016
Владимир Путин Урыстәыла Амш идныҳәалара
Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Урыстәыла Амш идиныҳәалеит.