12.07.2017
Ҧхынгәымза 12 рзы Аҩныҵҟатәи аусқәа Гәдоуҭатәи рраионтә ҟәша ахыбраҟны Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Рауль Ҳаџьымба инапхгарала имҩаҧысит Гәдоуҭа араион Приморск ақыҭан иҟалаз Урыстәылатәи Афедерациантәи аҧсшьаҩцәа рҭаацәарақәа рықәлареи Андреи Кабанов ишьреи рыхҭыс аарҧшразы Аоперативтә штаб аилацәажәара.
Аҳәынҭқарра амчратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа Ахада изеиҭарҳәеит аусҭҵаара ацашьеи имҩаҧыргараны иҟоу ашьаусҭҵаара-оперативтә уснагӡатәқәеи ртәы.