Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада

 

Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара афедералтә маҵзура Аиҳабы Алеқсандр Бортников дидныҳәалеит

20.12.2016

Ҧхынҷкәынмза 20 рзы Аҧсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Урыстәылатәи Афедерациа Ашәарҭадара афедералтә маҵзура Аиҳабы арра аинрал Александр Бортников Ашәарҭадара аусбарҭа аусуҩы Имш идиныҳәалеит.


Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Уасил-иҧа!

Ишәыдысныҳәалоит Шәаргьы Шәара шәыхьӡала шәусуҩцәа зегьы шәзанааҭтә ныҳәа - Ашәарҭадара аусбарҭа аусзуҩы Имш.

Жәашықәсала амаҵзураҷыдақәа Аҧсадгыьл ахьчаразы игылоуп. Ашәарҭадара аусбарҭа аусзуҩцәа апрофессионалзим, афырхаҵара, агәымшәара иаҿырҧшыгоуп. Дара есҽны аҳәынҭқарратәи амилаҭтәи шәарҭадара аиқәырхара, аконституциатә шьақәгылара адәныҟатәи аҩныҵҟатәи ашәарҭара иацәызыхьчо ауснагӡатәқәа рыӡбара иаҿуп.

Ҳаҭыр зқәу Алеқсандр Уасил-иҧа, ашәарҭадара аусбарҭа аусзуҩцәагьы Шәаргьы ишәзеиҕьасшьоит агәабзиара, аҭынчра, Аҧсадгьыл ахьчара иазку шәусураҟны аихьӡара бзиақәа.


Возврат к списку

 
 
 
 
© 2015 Аҧсны Ахада Иусбарҭа, Аҟәа ақ., Амҳаџьырқәа рымҩа, 32, АҬЕЛ.: +7 840 226 46 31, АФАКС: +7 840 226 46 31
info@presidentofabkhazia.org